Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿ аибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Церемония возложения цветов прошла у Мемориала Славы в Сухуме
Церемония возложения цветов прошла у Мемориала Славы в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы.
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахьԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш 13 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә иалагеит Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыцәрақәа рышьҭаҵарала. 1992-1993 шықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәа ргәаладаршәарац арахь иааит Аԥсны ахада Аслан  Бжьаниа, Жәлар апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Бациев, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Анаҩс ашәҭқәа шьҭарҵеит Ешыра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҟныи, Џьгьарда ақыҭан Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багапшь ибаҟа амҵани.
© Sputnik / Марианна Кубрава Аԥсны азхаҵара 13 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Ахьӡ- аԥша абаҳчаҿ ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара
Церемония возложения цветов прошла у Мемориала Славы в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥсны азхаҵара 13 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Ахьӡ- аԥша абаҳчаҿ ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара
Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазхьаԥшны, ООН Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти егьырҭ ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0