ААУ аҟны ихыркәшоуп аԥышәарақәа рыҭира

© Sputnik / Томас ТхайцукАГУ
АГУ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2021
Анапаҵаҩра
Сынтәа 37 хырхарҭала адкыларақәа мҩаԥысуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ихыркәшоуп аԥышәарақәа. Сынтәа 689-ҩык абитуриентцәа зышәҟәқәа алазҵаз рахьынтәи 588-ҩык ахыԥхьаӡалоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ апресс-маҵзура анапхгаҩы Џьамбул Инџьгиа.
Абиуџьеттә ҭыԥқәа 294 ахьыҟаз 397 -ҩык  ықәгылан, урҭ рахьынтә 239 адкылара алҵшәақәа рыла хәыда-ԥсада аҵарахьы ирыдыркылеит.
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
ААУ аҟны аԥышәарақәа дыркьаҿит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны
Адкыларақәа ҩ-хәҭакны ишан ихадароуи ихаарҭәаауи. Абиуџьеттә ҭыԥқәа иахьхарҭәаамыз - аматематика, афизика, абиологиа, аԥсабара ахьчара азанааҭқәа рахь инацҵаны адкылара рылаҳәан. Убасгьы аҭыԥқәа ыҟан латәарадатәи аҵара ахьеиҿкаау азанааҭқәа рахь "азиндырра", "аҭоурых". Урҭ азанааҭқәа рахь аҵара аԥара ахшәаатәуп, ҳәа азгәалҭеит ААУ адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Инга Арӡынԥҳа Аԥсуа телехәаԥшрала.
Аԥышәарақәа раан абитуриентцәа гәыԥҩык аҿкчымазара рыхьит, уи иахырҟьаны адкыларатә комиссиа алшара рынаҭеит ргәабзиара анышьақәдыргыла ашьҭахь, аԥышәарақәа рыҭираз инхарҭәаау асиахь иаларгалеит.
Сынтәа 37 хырхарҭала адкыларақәа мҩаԥысуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
Иаҳа азҿлымҳара змаз хырхарҭақәан ахархәаратә математика, азиндырра, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, аҭоурых. Иҟоуп зынӡа ашәҟәқәа ахьаларымҵаз ахырхарҭагьы. Иаагозар, ахимиа амаҭәар. Убасгьы сынтәа ауниверситет аҟны асоциалтә программа аус ауеит.
"Абиуџьеттә ҭыԥқәа рахь ашәҟәы алазҵаз, аха аԥышәаратә еицлабра изахымсыз абитуриенцәа, зматериалтә ҭагылазаашьа хьанҭоу, адкыларатә комиссиа аӡбарыла ари иуадаҩу апандемиа аамҭазы рҵара ахә абжа ауп иршәо", - ҳәа адырра ҟалҵеит Арӡынба.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҟны аҵарашықәс анхацыркхо макьана еилкаам.
Ажәабжьқәа зегьы
0