Аԥснытәи акоманда "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны инанагӡеит ашьха ӡиа арсра

© Foto / пресс-служба ЮВО Военнослужащие России, Китая, Пакистана, Казахстана, Абхазии, Узбекистана и Индии в рамках второго этапа международного конкурса «Эльбрусское кольцо» выполнили параллельную переправу через горную реку Баксан в Приэльбрусье.
Военнослужащие России, Китая, Пакистана, Казахстана, Абхазии, Узбекистана и Индии в рамках второго этапа международного конкурса «Эльбрусское кольцо» выполнили параллельную переправу через горную реку Баксан в Приэльбрусье. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2021
Анапаҵаҩра
Аррамаҵурауаа Урыстәыла, Китаи, Пакистан, Ҟазахстан, Аԥсны, Узбекистан, Индиа инарыгӡеит афбатәи адҵа ҷыда аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" аҟны.
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аԥснытәи акоманда Баксан ашьха ӡиа ирит, жәларбжьаратәи аицлабра аҩбатәи ахәҭа "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Урыстәыла ишьақәнаргылеит арекорд ҿыц, ари аԥышәара иахысит 6 минуҭки 48 секундыи рыла, уи алагьы ҵыԥх Узбекистан акоманда ишьақәнаргылаз арекорд 8 минуҭки 20 секунди рыла иаԥныргеит.
© Foto / пресс-служба ЮВО Аԥснытәи акоманда "Ельбрустәи амацәаз" аицлабра аҟны
Военнослужащие России, Китая, Пакистана, Казахстана, Абхазии, Узбекистана и Индии в рамках второго этапа международного конкурса «Эльбрусское кольцо» выполнили параллельную переправу через горную реку Баксан в Приэльбрусье. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥснытәи акоманда "Ельбрустәи амацәаз" аицлабра аҟны
Аҩбатәи аҭыԥаҿ игылоуп Узбекистан акоманда, урҭ рлыҵшәақәа 7 минуҭки 19 секунди. Казахстантәи акоманда акәзар ашьха ӡиа ирыит 8 минкҭки 25 секунди рыла , уи алагьы ахԥатәи аҭыԥаҿ игылоуп.
Аррамаҵурауаа, ҩ-шахак наҟ-ааҟ ирықәгыланы ҩ-шахак хыхьла икны ашьха ӡиа ирыр акәын.
Аицлабра аҩбатәи ахәҭа "Ельбрустәи амацәаз" абаллқәа рыԥхьаӡара мҩаԥгахоит Ельбрус шә-километрак ианахыслак ашьҭахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0