Аԥсны ахәҭак лашарада иҟоуп иҟалаз амашәыр иахҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукЛинии Электропроводов
Линии Электропроводов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҳауатә цәаҳәа "Бзыбь" иҟалаз амашәыр ашьҭахь уахь инеит "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа.
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Лашарада иаанхеит Гагра араион, Гәдоуҭа араион ахәҭак, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Аҳауатә цәаҳәа "220 Бзыбь" аҟны амашәыр ҟалеит. Уахь инеиит "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа.
Уаанӡа адырра ҟалахьан нанҳәа 31 асааҭ 11:00 - 14:00 азы Тҟәарчал ақалақьи Тҟәарчал араиони лашарада иҟоуп астанциа маҷ Тҟәарчал ГРЕС аҿы аремонттә усурақәа рымҩаԥгаразы ҳәа.
Иара убас шәаԥ-хьар ҟалоит:
 
Ажәабжьқәа зегьы
0