Гәдоуҭа ауааԥсыра амшцәгьақәа рышьҭахь акомпенсациа аиуразы 300 рзаҳал нарышьҭит

© SputnikГудаута
Гудаута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымза алагамҭеи анҵәамҭеи рзы Аԥсны ақәаршҩы, аԥшатлакә аҭыԥ рыман, анхарҭаҩнқәа, аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәа рыҭан.
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥхасҭа зауыз Гәдоуҭа араион ауааԥсыра амшцәгьақәа рышьҭахь акомпенсациазы 300 рзаҳал нарышьҭит ҳәа  Sputnik иазеиҭеиҳәеит  араион ахада ихаҭыԥуаҩ Вианор Ҭаниа.
Ҭаниа ишиҳәаз ала, аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны ааха роуит 248-ҩык, аԥша 50 ҩны рхыб рыхнахит, ҩ-ҩнык афы рысны иблит.
"Аӡхыҵра аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵеит.  Акомпенсациазы 248-ҩык арзаҳал ҳзаарышьҭит. Актәи аихагылақәа рҿы иҟаз зегь аӡы иԥхасҭанатәит.  Адокументқәа, актқәа азырхианы Аминистрцәа реилазаарахь иҳашьҭит. Арҭ арзаҳалқәа аҭагылазаашьа ҷыдазы акомиссиа ахәаԥшраны иҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥхынгәы 4 рзы аԥшатлакә Аԥсны араионқәа акыр ирԥырхагахеит – 50 ҩны рхыб рыхнахит, ақыҭақәа Агараки Блабырхәеи рҿы ҩ-ҩнык афы рысны иблит.
В Келасуре смыло 120-метровый напорный водовод - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Гәдоуҭа ахада еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны араион иаиуз аԥхасҭа атәы
Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаз аԥхасҭа  азеиԥш хәыԥса  араион ахадараҿы ирымԥхьаӡеит уи иҷыдоу аусбарҭақәа рнапы иануп.
Ҭаниа иажәақәа рыла, иблыз аҩнқәа рҿы ауаа машәыр рмыхьит. Урҭ 150 нызқь мааҭ рыҭан араион ахадара аҟынтәи аԥхьанатәтә цхыраара ҳәа, 50 нызқь мааҭ Риҵатәи апарк иашәеит.
"Арҭ аҭаацәарақәа рыуацәа рҿы инхоит. Рыҩнқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит. Ииасыз амчыбжь азы афинанстә цхыраара рыҭан. Аԥша ихнашәеит Приморск ақыҭан инхо аибашьра аинвалид иҩны ахыб. Уигьы Риҵатәи апарк  200 нызқьмааҭ изашәеит", - иҳәеит Ҭаниа.
Ԥхынгәы 27 ашьҭахь ақалақь иалсуа аӡиасқәа ҟьашьит, урҭ рӡышьҭрақәа рыцқьатәуп иҳәеит Ҭаниа.  Араион ахадара атәыла аиҳабыра рахь ацхыраара иаҳәеит.
Қыҭақәак рҿы ацҳақәа аӡы иагеит. Ақыҭауаа макьаназы иахыкәшаны иныҟәоит. Ацҳақәа реиҭашьақәыргылара азыԥхьагәаҭоуп араионтә биуџьет аԥарақәа рыла. Асметақәа макьаназ аус рыдыруылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0