Хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит

© Foto / Саида Жьиԥҳа Гагра араион ашколхәыҷқәа
 Гагра араион ашколхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Анапаҵаҩра
Сынтәа цәыббра 1 азы Гагра араион ашколқәа рахь ршьаҿа еихыргеит 5000-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
ГАГРА, цәыббра 1 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Сынтәатәи аҵарашықәс азы Гагра араион 18 школ рахь ршьаҿа еихыргеит 5000-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа. Урҭ рахьтә раԥхьаӡакәны аҵарадырра амҩа ианылеит 450-ҩык.
© Foto / Саида ЖьиԥҳаАктәи акласс аҵаҩы, Гагра
 Гагра араион ашколхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Актәи акласс аҵаҩы, Гагра
Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа лажәақәа рыла иахьазы актәи акласс ахь иалаҵоуп арзаҳалқәа 450, аха ари ахыԥхьаӡара макьана иацлалоит, аҭаацәа арзаҳалқәа алазымҵац ыҟоуп.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Бжьаниа Аԥсны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аҵарашықәс алагара рыдиныҳәалеит
Гагра ақалақь аҟны абжьаратә школқәа ԥшьба ыҟоуп, аԥсуа школ №1, аурыс школқәа №№2,4, иара убас аерман школ №3.
Хыԥхьаӡарала иугозар, сынтәа аурыс школқәа рахь иалаҵоу арзаҳалқәа рацәоуп. Иаҳҳәозар, аурыс школ №2 ахь ршьаҿа еихыргеит 75-ҩык актәи акласс ахәыҷқәа, аурыс школ №4 ахь 84-ҩык, аԥсуа школ №1 иҭалеит 51-ҩык, аерман школ №3 ахь ицеит быжьҩык.
Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҟны егьырҭ азеиԥш ҵараиурҭақәа рҿеиԥш 15 минуҭ ирҭагӡаны аныҳәатә "цәаҳәа иаша" мҩаԥыргеит. Акоронавирус аҽацәыхьчаразы иабоу аԥҟарақәа ирықәыршәаны уи иалахәыз актәи акласс ахь иааз ахәыҷқәа заҵәык ракәын, егьырҭ иаразнак рыклассқәа ирыҩналеит.
"Аныҳәатә цәаҳәа абжьааԥнеиԥш мҽхакы ҭбаала имҩаԥаҳгартә еиԥш изыҟамлазаргьы, зегь акоуп раԥхьаӡакәны иаҳзааиз ахәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳамҳәар ауазма. Аԥсны агимн арҳәауа, аҵаҩцәа рырҵаҩцәа ирыцны ацәаҳәа иаша иқәгылеит, иаҳзырҳәеит ашәақәа, инарыгӡеит ажәеинраалақәа. Сара сыхәҭакахьала мҩамш ҳәа расҳәоит аҵарадыррахь зшьаҿа еихызгаз зегьы. Аамҭа уадаҩ ҳҭагылоуп, аха уигьы ԥхыӡҵас иаҳхыҵны ицап. Агәабзиареи аманшәалареи шәыцыз зегьы", - лҳәеит Гагратәи абжьаратә школ №1 адиректор Хана Гәынԥҳа.
Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Аԥсны ашколқәа рҿы аҵарашықәс хацыркуп
 
Иахьазы Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху аԥсуа ашкол №1, 1-тәи акласс ахь иааит 51-ҩык ахәыҷқәа, урҭ ҩ-класск рыла еихшоуп. Ахәыҷқәа рыдыркылеит аԥышәа дуӡӡа змоу арҵаҩцәа Инга Гьаргь-иԥҳа Арӡынԥҳаи Наҭелла Иуан-иԥҳа Смырԥҳаи.
Хана Гәынԥҳа агәыӷра аалырԥшит аҭаацәа иҵегь арзаҳалқәа аларҵап ҳәа. Ашкол адиректор иазгәалҭеит арҵаҩцәа зегьы ргәы шыбзиоу, аӡәызаҵәык лҭаацәа акоронавирус рыдбалоуп азы ашкол ахь дмааиӡеит, иара убас ҩыџьа аҵаҩцәа рҭаацәа ачымазара рылаҽуп азы аҩны иҟоуп.
Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа илымоу адыррала, араион ашколқәа рҿы аус зуа 528-ҩык арҵаҩцәа рахьтә, иахьазы акоронавирус зыхьны иҟоу ҩыџьа роуп, урҭгьы уажәшьҭа ргәы бзиахо иалагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0