Аҟәатәи аӡбарҭа Џьамал Гогьиа Манана Делԥҳа илызку ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра инахеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Сухумский суд перенес слушание по иску Джемала Гогия
Сухумский суд перенес слушание по иску Джемала Гогия - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿ Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аппарат анапхгаҩы Џьамал Гогьиа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа лганахьала ишшыԥхьыӡ иахәаԥшит 2021 шықәса ԥхынгәымза алагамҭазы.
АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аппарат уаанӡатәи анапхгаҩы Џьамал Гогьиа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа лганахьала ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра аҿҳәара иахгоуп цәыббра 21 ахь.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Зарина Габеева лхантәаҩрала имҩаԥысыз аӡбарҭа аилатәараҿы ирыӡбеит аҭакҟаҵаҩи уи лхаҭарнаки аламырхәӡакәа  аусӡбара ахәҭам ҳәа.
© Sputnik / Асмат Цвижба Сухумский суд перенес слушание по иску Джемала Гогия
Сухумский суд перенес слушание по иску Джемала Гогия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Сухумский суд перенес слушание по иску Джемала Гогия
Габеева лажәақәа рыла, Манана Делԥҳа аӡбарҭахь смс-дырра налышьҭит. Лара аҳәара ҟалҵеит аилатәара ҩба-хԥа мчыбжьы инахарц лара дахьзалахәымхо азы.
Џьамал Гогьиа иҳәеит апроцесс азакәан инақәыршәаны имҩаԥгатәуп ҳәа.
"Смс-дырраҿы иҳәам лара аилатәарахь дааир злылымшо. Азакәан инақәыршәаны аус иалахәу ахаҿы аӡбарҭа иҟамзаара зыхҟьо амзызқәа рзы адырра аиҭароуп, иагьышьақәирӷәӷәароуп. Ҳара ари смс-дырраҿы усеиԥш акгьы аабом. Аӡбарҭа ишахәҭаз аганқәа адырра рынаҭазар аҭакҟаҵаҩ даламырхәыкәагьы аус иахәаԥшыр алшоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аӡбаҩцәа еилацәажәаны аӡбра рыдыркылеит Делԥҳа лзыҳәа иақәшаҳаҭхарц.
Ажьырныҳәа 27 рзы Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура "Аԥсныпресс" иакьыԥхьит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат анапхгаҩы Џьамал Гогьиа иаарту ишәҟәы. Ашәҟәаҿы иара иазгәеиҭеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат аштат аоптимизациа азуразы аппарат анапхгаҩы иштат аԥыхуп ҳәа ирҳәо мзызс иамаҵәҟьоу "Эхо Кавказа" иеиҭаз аинтервиу ауп ҳәа.
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Аҟәатәи аӡбарҭаҿы Џьамал Гогьиа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ишшыԥхьыӡ иахәаԥшит
Ари иара издиҳәало  Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩи иареи АИХқәа рнырразы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ахьрымоу ауп.
Уаанӡа Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо, акритика азыҟаиҵеит аԥсуа ӡбарҭатә система Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаа рганахь ала рыцәгьоурақәа  агәаҭаны. Ҿырԥштәны иааигеит Урыстәыла атәылауаҩ лцәа аԥҽра. Убри аан агәызҩара ззыҟаз ахара шихараз дшақәшаҳаҭызгьы, аус жәамз аӡбарҭаҿы ишьҭан, жәымз уахь амҩа иқәын.
"Эхо Кавказа" аинтервиу аҿы Џьамал Гогьиа ишьақәирӷәӷәеит  ари аус уажәыгьы аӡбарҭаҿ ишыҟоу, уи  агәызҩара шузцәырнаго азакәанԥҵара аусеилыргара аҿҳәарақәа рзы  иамоу аамҭа еилагоуп ҳәа. Иара убасгьы иҳәеит АИХқәа рҿы аӡбаҩ ииашамкәа ихы мҩаԥигоит ҳәа ҳәахар агәаҭарақәа ишрылагатәу. Агәаҭарақәа ираԥшьгаҩхар алшоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩи аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа ахантәаҩи.
Аамҭақәак рышьҭахь "Абаза-ТВ" аҿы Џьамал Гогьиа иҳәеит иара ишиеилдмыркааз иинтервиу ахьымҩаԥысыз акәу ииҳәаз акәуу Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы илгәамԥхаз, аха хатәгәаԥхарала имаҵура аанижьырц шиабжьыргаз. Иара убасгьы иҳәеит ирыдыркылаз аӡбамҭа дшақәшаҳаҭым, аӡбарҭаҿы уи ишамеикуа.
Хәажәкырамзазы аӡбарҭа Џьамал Гогьиа иусура иамхразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа лахь иашшраз административтә усеилыргара ааннакылеит, ашшыҩ атәылауаҩратә усеилыргара аҟазшьала аӡбарҭахь ашшраз азин имоуп ҳәа шьақәнаргылеит.
Џьамал Гогьиа ишшыԥхьыӡ раԥхьатәи ахәаԥшра мҩаԥысит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы 2021 шықәса ԥхынгәымза алагамҭазы. Аилатәараан Гогьиа идукат аӡбарҭаҿы илҳәеит аилатәара ауха Џьамал Гогьиа дижәланы аахақәа шииҭаз аӡбаҩ Манана Делԥҳа лгәакьак, уи иахҟьаны иара ахәшәтәырҭа дҭашәеит. Ахьчаҩ лажәақәа рыла, Гогьиа иусура данамырх ашьҭахь аӡбарҭахь данашш, Делԥҳа лыуацәа иқәмақаруан, ддыршәон. Идукат азыҳәа ҟалҵеит аус аматериалқәа ирыларҵарц Џьамал Гогьиа Ареспубликатә хәшәырҭа ацлымҳәа-хаҿытә хирургиа аҟәшаҟны ирҭаз ихшыбаҩ ааха ахьаиуз, ицлымҳәа ахьԥҵәаз иахҟьаны ахәшәырҭа дышҭашәаз азы амедицинатә еилыркаага. Аӡбаҩ Габеева ари азыҳәа мап ацәылкит, уи аилыркаага изхәаԥшуа ашшыԥхьыӡ иаҵанакӡом ҳәа иԥхьаӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0