Аԥсны алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа рзы амыругақәа ааргеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19
Работа мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны алаҵаҟаҵаратә кампаниа еиҭахацыркын нанҳәа 10 рзы, ареспубликахь хә-нызқь лаҵа "Спутник Лайт" анаарга ашьҭахь.
АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Аԥсны алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа рзы амыругақәа ааргеит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак аҟынтәи ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра афармацевтикатә ҟәша аиҳабы Ахра Аџьба.
"Уажәы ҳара ҳҿы алаҵаҟаҵара активла иахьымҩаԥысуа инадҳәаланы Аџьар Ҟаԥшь ахь аҳәара ҟаҳҵеит алаҵаҟаҵарҭатә пунктқәа ҳзеиҿыркаарц. Ҳаиқәышаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны 12 ак архьшәашәагақәа аарышьҭит. Алаҵа аҵәахышьа ҷыдақәа амоуп ", - иҳәеит иара.
Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак иара убасгьы Аԥсныҟа иаанагеит алаҵаҟаҵарҭақәа рзы агенераторқәа.
Вакцинация от COVID-19 в ТЦ Кунцево Плаза - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
Ҩ-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра "Спутник Лаит" алаҵа ҟарҵахьеит
"Иара убасгьы аҵааркыгатә камерақәа ҳарзыԥшуп. Иаарышьҭыз атауар аихшара ҳаҿуп. Алаҵаҟаҵарҭақәа архьшәашәагақәа змоу ыҟоуп, аха аҵааркыгақәа рзы ҳмаџьаноуп" - иҳәеит Ахра Аџьба.
Уажәазы алаҵа  аминистрра аҵәахырҭаҿы ишьҭоуп. Уа иахәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп.
"Алашара андырцәо ҳдизельтә генератор аусура иалаҳаргоит. Уи адагьы  еиԥҟьарак ҟалар ҳәа аҽа генераторкгьы гылоуп", - иҳәеит Аџьба.
Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак иаарышьҭыз амыругақәа рышьҭахь араионқәа рҟынтәи алаҵа аиуразы Аҟәаҟа аара рықәшәом, аҭыԥ аҿы ирымазаауеит.
"Иаҳҳәап Гагра арҭ амыругақәа  ықәҳаргылар, ҩымчыбжь-хымчыбжь алаҵа ҵәахны ирымазар ҟалоит. Аҟәаҟа аарагьы рықәшәом. Есыҽны амҩа ақәзаарагьы уадаҩуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Алаҵа "Спутник Лайт" хә-нызқь доза Аԥсныҟа иааган нанҳәа 6 рзы. Ари апартиа аахәареи Аԥсныҟа аашьҭра аиҿкаареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
"Спутник Лайт" COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи лаҵоуп, иара аус адырулеит Гамалеи ихьӡ зху Аепидемиологиеи амикробиологиеи рзы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә центр аҿы. Иара алаҵа "Спутник V" азкомпонентк злоу лаҵоуп, 85% рыла ачымазараҿкы аҟынтә уахьчоит.
Зынӡа  ареспубликаҿ 8 777-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит, урҭ рахьтә 6500-ҩык "Спутник V ҟарҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0