Аҟәа иҟоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь ԥшьышәҩык рҟынӡа аднакылахьеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, аковидчымазара зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы, иара гылоуп Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы. Нанҳәа 19 аҽны раԥхьатәи ачымазыҩцәа аднакылеит.
АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 18 раахыс 400-ҩык инреиҳаны COVID-19 змоу ауааԥсыра аднакылахьеит, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳақьым хада Абдулмеџьид Магомедов.
"Урҭ рҟынтәи амбулатор ҳасабла 322-ҩык, стационар ҳасабла 127-ҩык. Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥыргахьеит 1400 клиникатә ҭҵаара, 1000 ПЦР-тест ргәаҭарагьы абрахь иналаҵаны", - иҳәеит иара.
Иарбоу аамҭазы агоспиталь аҿы иахәҭаз ахәышәтәра роуны илырҩаахьеит 112-ҩык. Агоспиталь аҿы аус руеит шәҩык амедусзуҩцәа.
Агоспиталь ахь апациентцәа рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь даҭааит
Агоспиталь аҿы имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит.
Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. 100 ҭыԥк рҟынтәи 46 ҭыԥ аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Аинтервиу инарҭбаау аверсиа шәазыӡырҩыр шәылшоит радио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахаша, цәыббра 8 асааҭ 14:35 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0