Раԥхьаӡа акәны Аԥсны идыргылоит асаркьалых-цҳа

© Sputnik Стеклянный мост
Стеклянный мост  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Бзыԥ аӡиас ихҵахо 30 метра зоура ыҟоу асаркьалых-цҳа аргылара хыркәшахап ҳәа апроект авторцәа иазырыԥхьаӡоит иааиуа аԥсшьаратә сезон алагамҭаз.
АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны, Гагра араион Бзыԥтәи аиҩхааҿы ицәырҵуеит асаркьалых-цҳа ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Апроект алахәыла Мурман Ԥкьын иажәақәа рыла, ари аинфраструктуратә обиектргылара иаԥшьгамҭоуп анаплакҩы Дмитри Кокосқьериа.
"Ацҳа, уажә ҳахьыҟоу ақьафурҭа  иадҳәалахоит. Ианааҳартлак ашьҭахь ҳасасцәа ироуеит алшара зыҵа саркьалыху ацҳала Бзыԥ аӡиас ирсны абнара иагәҭылаку адәҳәыԥш аҿы анеиааира. Ацҳаҿ иара убасгьы иргылахоит астолқәа", - ҳәа иҳәоит  Ԥкьын.
Иара иҳәеит апроект шыуадаҩу, ахәгьы шмаҷым. Аусурақәа ирылагаанӡа иаарыԥхьеит аргылара, агеодезиа, архитектура аусхкқәа ирызҟазоу аспециалистцәа. Абетонтә шьаҟақәа рыргыларазы аамҭакала аӡы мҩахыргар акәхеит. Ашьаҟақәа хԥаҟа метра адгьыл иҵацалоуп.
"Аӡы аныӷӷаз имҩахаагеит. Ацҳа аҳаракыра аӡхыҵрақәа раан аӡы ахьынӡашьҭыҵуа иаҿырԥшны ишьҭаҳхит. Асаркьа аидарамҩангага шьҭнахыртә аӷәӷәара амоуп. Ацҳа аура 30 метра иҟоуп, аҭбаара –  1,8 метра ", - иҳәеит Ԥкьын.
Ацҳаргылара иаҿуижьҭеи ҩышықәса ирықәуп. 30 метра  зоура ыҟоу асаркьалых-цҳа аргылара хыркәшахап ҳәа иазырыԥхьаӡоит  апроект авторцәа 2022 шықәса аԥхын алагамҭаз, афинанстә ҭагылазаашьа маншәалахар, апандемиа ԥырхага ҟанамҵар.
Ажәабжьқәа зегьы
0