Аԥсни Шьамтәылеи русеицуразы Аилак аԥснытәи аган алахәылацәа шьақәырӷәӷәоуп

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсни Шьамтәылеи аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, аҭҵаарадырратәи, атехникатәи, акультуратәи усеицуразы Реилак раԥхьатәи аилатәара мҩаԥган Дамаск, лаҵара 18 2021 шықәсазы.
АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсни Шьамтәылеи аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, аҭҵаарадырратәи, атехникатәи, акультуратәи аусхкқәа рҟны русеицуразы Аилак аԥснытәи аган алахәылацәа.
Аԥсни Шьамтәылеи аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, аҭҵаарадырратәи, атехникатәи, акультуратәи усхкқәа рҟны русеицуразы Аилак иалахәхоит:
Кристина Озган подписала Соглашение о сотрудничестве между сирийскими и абхазскими портами - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Аԥсни Шьамтәылеи рбаӷәазақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган (ахантәаҩы), Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Инвер Алшәынба, Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Кристиан Бжьаниа, афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Саид Гәбаз, Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа, Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Артуш Сарибекиан, Акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аимадареи амассатә коммуникациақәеи рзы Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба, ахада Иусбарҭа аекономика Анапхгараҭара аиҳабы Роман Шьоуа.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0