Уус бзиа ианубо, ааԥсарагьы уныруам

© Sputnik / Томас ТхайцукПроизводитель компотов в селе Лыхны - Татьяна Арджения
Производитель компотов в селе Лыхны - Татьяна Арджения  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым ашәырқәа реилаҵара иабзоураны, иҷыдоу агьама хаа аазхәо ашәырӡқәеи, аџьемқәеи рыҟаҵаразы зхатәы знеишьа азызыԥшааз анаплакҩы Татиана Арџьениԥҳа лтоурых Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа лматериал аҟны.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Хкы рацәала ауҭраҭых аалыҵқәа аҵәа, аҳа, амандарин, афеихоа уҳәа ирылхны ашәырӡқәеи аџьемқәеи рыҟаҵара знапы рылаку, Лыхны ақыҭан инхо Татиана Арџьениаԥҳа лцех аҟны аусура еилашуеит. Татиана занааҭла дфилологуп, аус луеит Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс.
Татиана лаҳәшьцәеи лареи ихәыҷы аахыс иазҿлымҳан афатә ҟаҵара, еиҳараӡак ахәышҭаара амаҵ азура ргәазырԥхаз ранду лоуп. 2016 шықәса рзы лаҳәшьа Есма Арџьениаԥҳаи лареи ирыӡбеит рхатә ус аԥҵара. Усҟан иаразнакгьы рхаҿы иааиз бзиа ирбоз ауз ашәырқәа ирылхыу аалыҵ аҟаҵара ауп.
"Ҽнак саҳәшьеи сареи ҳхаҿы иааит бзиа иаҳбо аус аизырҳара, еиҳа арҭбаара. Ҳхәыҷаахыс ҳанацәа, ҳандуцәа зҿыз ҳбон. Аԥхын ашәырқәа ауҭраҭыхқәа ирылхны ахҩарақәа ҟарҵон. Убыс ҳалагеит ари аус, иагьҳақәҿиеит ҳәа сгәы иаангоит. Ҳара ҳзын ари аџьабаа ацӡам, уус бзиа ианубо, ааԥсарагьы уныруам", - лҳәоит Татиана. Аиҳәшьцәа еиҿыркааз анаплак маҷ "Ахҿарах" ахьӡырҵеит.
"Ахҿарах" - ари ажәа аҵакы дууп. Ахҿарах еснагь ԥхьаҟа алҵшәа унаҭоит, иаҳҭахуп ҳнапы злаку аус биԥарала еимаҳдарц, ҳанду иаҳгәалырԥхаз аус ԥхьаҟа аихаҳара аиурц, уи ауп гәҭакысгьы иҳамоу", - ҳәа лҳәоит Татиана.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ "Ахҿарах"
Производитель компотов в селе Лыхны - Татьяна Арджения  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ашәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ "Ахҿарах"
2016 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысуаз аалыҵ цәыргақәҵа раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит. Уи атәы лгәаларшәо Татиана илҳәоит. "Раԥхьаӡакәны ҳаалыҵ ӡыраҳгеит 2016 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа аҟны. Уамашәа иубаша 20 минуҭ ирылагӡаны шәбанкак ҳтиит, уи ҳара  ҳазԥшӡамызт. Иҟалап, ари ашьаҿа акәзаргьы иаҳгәазырԥхаз еиҳа ҳаалыҵ аизырҳара", - ҳәа лҳәоит лара.
2018 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз афестиваль "Ахьтәы ҭагалан" иалахәын, уаҟа иаԥсахеит ахьтәы медал.
"Москва имҩаԥысуаз афестиваль аҟны  ахьтәы медал аиура, ҳара ҳзыҳәан даара игәырӷьаран. Уахь иаҳгеит ҳаалыҵқәа х-кык, аҵәа иалху ашәырӡы, афеихуа џьем, амандарин џьем", -ҳәа лҳәоит лара.
Татиана лаҳәшьеи лареи раԥхьа амаҵурҭа маҷ аҟны акәын аус ахьыруаз. Анаҩс 2019 шықәсазы агрант система ацхыраарала ирыӡбеит, раалыҵ ахьыҟарҵаша ацех маҷ аргылара. Иахәҭаз атехникала еиқәдыршәеит, уи аусура даара иарманшәалеит, аалыҵқәа рхыԥхьаӡара акыр иацлеит.
"Ацех ҳаргылаанӡа ҩба-хԥа нызқь рҟынӡа абанкақәа аҳаркуазҭгьы, иахьа иҳамоу атехника иабзоураны хынтә еиҳауп ҳаалыҵ ахыԥхьаӡара", - ҳәа дазааҭгылоит Татиана.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ "Ахҿарах"
Ашәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ Ахҿарах - Sputnik Аҧсны
1/4
Ашәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ "Ахҿарах"
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ "Ахҿарах"
Ашәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ Ахҿарах - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

Ацех аусура иалагеит ҳазну ашықәс рашәарамза инаркны. Иахьа уаҟа еицхырааны рҳәоу еиқәшәаны аус руеит аҳәса.  Урҭ руаӡәк Мамацева Наҭелла иаҳзеиҭалҳәеит араҟа аусура лара лзыҳәан даара ишманшәалоу. "Араҟа аус зуеишьҭеи рацәак ҵуам, ацех шаатыз еиԥш аусура салагеит. Ашьыжь сааиуеит, абанкақәа ӡәӡәаны, имазеины инықәсыргылоит, нас ашьақар нҭаԥсаны , ашәырӡы аҟаҵара напы насыркуеит. Иахьатәи ҳаамҭа шыҟоу жәбоит, аамҭа цәгьоуп. Сара агәылара сынхоит. Саԥхьа аусутә ахьыҟоу уи даара сеигәырӷьоит, иманшәалоуп", - ҳәа азгәалҭоит аусзуҩ.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнаплак маҷ аҟны аџьыка аҳаҟьа иқәырхоит
Производитель компотов в селе Лыхны - Татьяна Арджения  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Анаплак маҷ аҟны аџьыка аҳаҟьа иқәырхоит
Ацех анаартха инаркны аныҟәаратә фирмақәеи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵаны, аԥсшьаҩцәа дара рахь рнагара иалагеит. Имҩахыҵуа асасцәа ирбар рылшоит аалыҵ агьама, убас изҭаху ииҭаху ааихәоит.
"Ҳаалыҵ аныҟаҳҵуа ишыҟаҳҵуа ҳасасцәа ирбар рылшоит, ирзеиҭаҳҳәоит ашәырхқәа еилаҳҵо закәу, агьама рбарц ирыдаҳгалоит. Еиҳараӡак еицҿакны иргәаԥхо амандарин џьем ауп, убас уи иалху ашәырӡ. Анаҩс идҳарбоит ажәытәан аҳаҟьа аҟны аџьыка шырхуаз, уи амыруга адәаны  иҳазгылоуп", - лҳәеит Татиана.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аџьыка зқәырхо аҳаҟьа
Производитель компотов в селе Лыхны - Татьяна Арджения  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
 Аџьыка зқәырхо аҳаҟьа
 Аҭыԥантәи аахәаҩцәа еиҳа аҵәа иалху ашәырӡ ауп изызҵаауа. Иазгәаҭатәуп уи шьақарда ишыҟаҵоу. Татиана лажәақәа рыла, раԥхьаҟа ргәы иҭоуп шьақарда аалыҵқәа рҭыжьра. Раалыҵ злырхуа ашәырқәа реиҳарак аԥшәмацәа рбаҳчаҿ иазҳауеит.
"Ҳаалыҵ злаҳхуа ашәырқәа ҳара иаҳтәуп, аха иҳамам ашәыр ааҳхәоит. Иазгәасҭарц сҭахуп, иааҳхәо зегьы аҭыԥантәи ауаа рыҟны ишааҳхәо, избанзар, ҳаалыҵ ахаҭабзиара аҭакԥхықәра ҳара иҳадуп" - лҳәоит Татиана. Аиҳәшьцәа  иҭрыжьуа аалыҵқәа ҷыдарас ирымоу, шәырхкык иалхны акәымкәан, еиуеиԥшым ашәырқәа еилаҵаны рыҟаҵара ауп. Аха зегьы ишубалак еилауҵар ҟалом. Татиана уи аилкааразы аинтернет лхы иархәаны, еиуеиԥшым амастер классқәа дырхысуан. Лара излаҳалҳәаз ала, иҟоуп иахьлықәымҿиазгьы. "Еиҳараӡак аџьемқәа аныҟаҳҵо, игәаҳҭоит ашәырқәа реилаҵара иабзоураны закәытә гьамоу иаархәо, ахаара ҳацклаԥшуеит. Иҟалахьеит иҳақәымҿиазгьы. Иҳаӡбеит ахәырмеи, апырпыл сса аиқәаҵәеи еилаҳҵарц. Азныказы агьама бзиан, аха маҷк ихыртланы ианаанха, агьама аҽаԥсахит, ахаара ацәыӡит. Убринахыс ҳгәы ҳҽануп", - лҳәоит Татиана.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ "Ахҿарах"
Производитель компотов в селе Лыхны - Татьяна Арджения  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ашәырӡқәеи аџьемқәеи ахьҭрыжьуа лыхнытәи анаплак маҷ "Ахҿарах"
Аиҳәшьцәа раԥхьаҟа ргәы иҭоуп ирымам ашәырқәа реихаҳара. "Хышықәса раԥхьа ашьапкьаҿ шәырхкқәа аиҭаҳаразы иааҳгеит, иҟоуп адгьыл иаднамкылаз. Аратәи аҳауа анаалеит италиантә иаагоу аҵәа. Уи ашәырӡи аџьеми рзын даара иманшәалоуп. Ҳаԥхьаҟа иҳамам ашәырқәа рыла ҳбаҳча ҳарбеиарц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ҳацеиҩылшеит Татиана.
Ииашаҵәҟаны ауаҩы иус бзиа ианибо, иааԥсарагьы иныруам.
Ажәабжьқәа зегьы
0