Гал уахыки-ҽнаки ӡыда иаанхоит

© Sputnik / Акоп Кущян Смеситель
Смеситель  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Анапаҵаҩра
Речхь ақыҭа аӡеизакырҭақәа рҿы иҟалаз авариа ахыгарак ҟамҵакәа аремонт азура аҭаххеит.
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Гал ауааԥсыра рзы аӡоушьҭра ԥкхоит цәыббра 15 асааҭ 20:00 инаркны цәыббра 16 асааҭ 21:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Гал араион ахадара ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа.
"Ҳақәгәыӷуеит аҭагылазаашьа иаарласны аҭыԥ иқәаҳҵап ҳәа", - иҳәеит Гал араион ахадара ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Дмитри Адлеиба.
Речхь ақыҭа аӡеизакырҭақәа рҿы иҟалаз авариа  хымԥада аремонт азура аҭаххеит. Аремонтҟаҵара уахыки-ҽнаки иадхалоит ҳәа иазыԥшуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0