Москва Аԥсны асоциал-економиатә ҿиара иалацәажәеит

© Sputnik / Владимир Баранов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на Московский Кремль с Большого Каменного моста.
Вид на Московский Кремль с Большого Каменного моста. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган усутә визитла Москва дыҟоуп. Лкомандировка аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла ахада Иусбарҭа, Аекономикатә ҿиара аминистрра, Аенергетика аминистрра, "Газпром" рҟны аиԥыларақәа мҩаԥылгеит.
АҞӘА, цәыббра 23- Sputnik. Аԥсны асоциал-економиатә ҿиара апрограммазы аилацәажәара мҩаԥысит Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Валери Папбеи алархәны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра асаит.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
Аԥсни Урыстәылеи ҳтәыла асоциал-економикатә ҿиара апрограмма аус адырулоит
Иара убасгьы, аиԥылара рыман аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ
Евгени Грабчаки, ирылацәажәеит аенергетика азҵаарақәа.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра газла аиқәыршәара асхема хада" азҵаара аус адулара мҩаԥыргеит аԥсуа гани Акционертә еилазаара "Газпром промгази". Апроект анагӡара арыцхәқәа макьана иазгәаҭам, аха адокумент ҭагалан азы иазырхиахоит.
Озгани Папбеи Москва еиқәшәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза "Аҟәа" ареконструкциаз апроект аинвесторцәеи. Имҩаԥган аицәажәарақәа.
Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿ иҳәеит аҳаиртә баӷәазаз апроект-сметатә шәҟәқәа ҽаантәи ҭагалан азы ишазырхиахо. Аҟәаҟа аԥхьатәи ареисқәа мҩаԥгахоит 2024 шықәсазы.
Иара убас, Москва еиԥылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Иванови аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи Кристина Озгани алацәажәеит "Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара апрограммеи" иара убас, "Аԥсны аинвестициақәа  асоциал-економикатә ҿиара 2023-2025 шықәсқәа рызтәи программеи".
Ажәабжьқәа зегьы
0