Двинианин Аԥсны аҵара аминистрра ҭабуп ҳәа реиҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПосол России в Абхазии Алексей Двинянин
Посол России в Абхазии Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рхы рыладырхәит Аԥсны ауааԥсыра 14 нызқьҩык инарзынаԥшуа.
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа реиҿкаараҿы ицхырааразы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра асаит.
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Аԥсны имҩаԥысуаз алхрақәа раан "Иаку Урыстәыла" аиааира агеит
"Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи ҭабуп ахысҳәаар сҭахуп Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаараҿы шәыцхырааразы", - ҳәа Алексеи Двинианин иажәақәа аагоуп аусбарҭа апресс-маҵзура аҟны.
Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит аҵара аусхк аусзуҩцәа алхрақәа разыҟаҵараан ганрацәалатәи ацхыраара шыҟарҵаз.
"Уаанӡатәи рԥышәа ду иалнаршеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра ашколқәа рҿы аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәеи аусура аиҿкаареи рымҩаԥгара", -  иҳәеит Двинианин.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба: Аҟәа (ҩба), Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Афедералтә алхырҭатә округқәа рҟны "Иаку Урыстәыла" аиааира агеит. Иаидкыланы Аԥсны алхрақәа ирылахәын 14549-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0