Алексеи Ламиа

Алексеи Кәымф-иԥа Ламиа диит рашәара 20 1966 шықәсазы Аҟәа. 1983 шықәсазы Н. Лакоба ихьӡ зху 10-тәи абжьаратә школ далгеит. 1983 шықәсазы Ломоносов ихьӡ зху Москватәи ауниверситет азиндырратә факультет дҭалоит, дагьалгоит 1988 шықәсазы. 1988 инаркны 1990 шықәсанӡа аус иуан консультантс Аԥсны АССР аиустициа аминистрраҟны. Алексеи Ламиа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра даветерануп, Леон иорден ианашьоуп. 1994 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакаҿы еиуеиԥшым амаҵзурақәа ныҟәигон. 2006 шықәсазы далгеит Урыстәылатәи аҳазалхратә Академиа (латәарада). 2003 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа Аԥсны ААР Акоррупциа аҿагылареи аекономикатә шәарҭадареи русбарҭа деиҳабын. 2011 шықәсазы Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатс далхын. 2011 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2014 шықәса жьҭаарамза инаркны 2016 шықәса рашәарамзанӡа Аԥсны апрокурор хадас дыҟан.
Алексей Ломия  - Sputnik Аҧсны
2 аматериалқәа
Аамҭа алхра
Даҽа 20 материал
  • Мчыбжьык иалагӡаны
  • Мызкы иалагӡаны
  • Шықәсык иалагӡаны
  • Аамҭа зегьы иалагӡаны
Ажәабжьқәа зегьы
0