Урыстәылатәи Афедерациеи Аахыҵ Уаԥстәылеи аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабочая встреча президента России В.Путина с президентом Республики Южная Осетия Л.Тибиловым
Рабочая встреча президента России В.Путина с президентом Республики Южная Осетия Л.Тибиловым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков уаанӡа иҳәахьан ари ашәҟәы анапаҵаҩра ихадоу хҭысхоит ҳәа имҩаԥысраны иҟоу ахадацәа реиԥылараҟны.

АҞӘА, хәжәк 18 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путини Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Леонид Тибилови рнапы аҵарҩит ҩ-тәылак рыбжьара аиҩызареи аилаҵәареи рзы аиқәшаҳаҭра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҟалаанӡа аҩ-тәылак рԥызацәа реилацәажәарақәа мҩаԥысуан, урҭ рҟны ирылацәажәон атәылақәа русеицуреи, аахыҵкавказтәи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа.

Урыстәылатәи Афедерациа ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков уаанӡа иҳәахьан ари ашәҟәы анапаҵаҩра ихадоу хҭысхоит ҳәа имҩаԥысраны иҟоу ахадацәа реиԥылараҟны.

Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа реицҳәаақәҵара, аҳәынҭқарратә ҳәаа хақәиҭрала ахысра, аҳазалхратә усбарҭақәа реилаҵәара, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицура арҭбаара, урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиура, ауалафахәи атәанчахәи реизырҳара, Аахыҵ Уаԥстәыла атуааԥсыра амедицинатә ԥгаԥсаҟаҵаразы алшарақәа рзаԥҵара. Ари иҳәаарку еиқәшаҳаҭроуп, ҳәа азгәеиҭеит Песков, уи аҩнуҵҟа иалкаау ахырхарҭақәа рыла аусбарҭабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыдыркылалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0