Акинофестиваль «Кунаки» ажиури алахәыла Аԥсны афильм ҭылхыр лҭахуп

© flickr.comАуаа аекран афон аҿы. Архивтә фото.
Ауаа аекран афон аҿы. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аабатәи иаарту акинофестиваль «Кунаки» аусура иацнаҵоит.

АҞӘА, 4 абҵ – Спутник Аԥсны. Ажиури алахәылацәа ахәаԥшит даҽа хә-фильмк:  "Аетнодунеи. Аразра аҳәаакқәа" арежиссера Аида Соболева, "Апункт "А" аҟынтәи апункт "Б" аҟынӡа" арежиссер Алины Сулеиманова, "Аҿықә-Полуи" арежиссер Иван Головнев, "Ахәыҷра аҟәараҿы" арежиссер Иулиа Киселева, "Торнакаи" арежиссер Лиаисан Султангулова.

"Ауадаҩрақәа иреиуоуп ателехәаԥшратә усумҭақәа еиҳа адырраҭарақәа рахь иадызцәыло ахьыҟоу, иҟоуп иара убас, аусумҭақәа еиҳа автортә кино иазааигәоу" – лҳәеит ажиури алахәыла Наталиа Гугуева.

Гугуева Аԥсны иамоу аԥсабара-ԥшӡа дшыхнахыз лҳәеит.

"Иахьа аҳаԥы ҳанҭала иааиԥмырҟьаӡакәа сазхәыцуан абраҟа ахәмарратә фильм аҭыхра азин ҳарҭо иҳарымҭо ҳәа, избанзар уа избаз аԥшӡара хазыноуп. Аԥсны зегьы убриаҟара исахьаркуп, ахаҿсахьақәа рацәоуп, афильмқәа рҭыхраз агәазыҳәара узцәырҵуеит" – азгәалҭеит Гугуева.

Акинофестиваль "Кунаки" мҩаԥыслоит абҵара быжьбанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0