Афестиваль "Кунаки" аусура хнаркәшеит

© Фото : Томас ТхайцукАпрезидент Рауль Ҳаџьымбеи акинофестиваля "Кунаки" апрезидент Кусова-Чухо Сулиетеи. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
Апрезидент Рауль Ҳаџьымбеи  акинофестиваля Кунаки апрезидент Кусова-Чухо Сулиетеи. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ-Кавказ адокументалтә фильмқәеи автортә телехәаԥшратә программақәеи иаарту VIII рфестиваль хыркәшоуп.

 

АҞӘА, абҵ 10 – Спутник Аԥсны. Нхыҵ-Кавказ адокументалтә фильмқәеи автортә телехәаԥшратә программақәеи иаарту VIII рфестиваль ахыркәшара мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Афестиваль аркра ацеремониаҿы дықәгыло, уи Апрезидент Сулиета Кусова-Чухо иазгәалҭеит Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны доуҳала ҳаԥсадгьыли ҳажәлари ишырзааигәахаз, арахь ахынҳәрагьы ргәы ишҭоу.

Ацеремониа иалахәыз Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба акинофестиваль алахәылацәа раԥхьаҟа ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә еиҿызкааз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

 "Агәра ганы сыҟоуп, зышьаҭа шьҭашәҵаз ари аус аринахысгьы аҿиара шаиуа", – иҳәеит Ҳаџьымба.

Анаҩс "Михаил Лермонтов адунеизегьтәи иҭынха" захьӡу Ассоциациа Апрезидент апоет ду диижьҭеи 200 шықәса аҵра иазкны "Лермонтоваа: Урыстәылатәи абиԥара — шотландиатәи ахылҵшьҭра" захьӡу ашәҟәи, Лермонтоваа ргерб зну амедали ранеишьеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, акинофестиваль Апрезидент Сулиета Кусова-Чухо, апоет, афестиваль аиҿкааҩцәа ируаӡәку Геннади Аламиа.

Акинофестиваль "Кунаки" аконкурстә программа сынтәа иалахәын 32 усумҭа уахь инашьҭыз 143 фильм рҟынтә. Ишәгәалаҳаршәоит, акинофестиваль хә-номинациак рыла ишымҩаԥгаз: "Аҭаацәеи ауаажәлари", "Акультуреи аҟазареи", "Агәыӷреи агәрагареи", "Иҳаҩсызи иаҳԥеиԥшуи", "Аиҩызареи аигәылареи".

Афестиваль "Кунаки" ажиури иалахәын арежиссиортә ҟазараҿы зыхьӡ еицырдыруа ауаа: Евгени Голынкин – Урыстәыла акиномотографцәа Реидгыла алахәыла, ажиури ахантәаҩы; Григори Гиберт – Урыстәыла зҽаԥсазтәыз акультура аусзуаҩ; Мураҭ Џьусев – акинодраматург, акнорежиссиор; Сергеи Куракин – арежиссиор ақәыргылаҩ; Наталиа Гугуева – Урыстәыла "Актәи аканал" адокументалтә кино адирекциа арежиссер хада; Виачеслав Аблоҭиа – акинорежиссиор, Урыстәыла акинематографцәа Реидгыла алахәыла.

© Фото : Томас ТхайцукАкинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
1/3
Акинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
© Фото : Томас ТхайцукАкинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
2/3
Акинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
© Фото : Томас ТхайцукАкинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
3/3
Акинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
1/3
Акинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
2/3
Акинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
3/3
Акинофестиваля "Кунаки" аркра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.

Аноминациа "Аҭаацәеи ауаажәлари" аҿы актәи аҭыԥ иаԥсахеит Анатоли Добриаков иусумҭа "Аԥхыӡқәа егьи аҟәараҟынтә". Афильм азкуп аудмуртцәа рынцәахаҵараҿы еиқәханы иҟоу рабиԥарақәа ркульт. Уи алагьы автор ахәаԥшҩы дхьаирԥшуеит амилаҭтә хаҿра аиқәырхара акыр шаҵанакуа.
Аҩбатәи аҭыԥ ари аноминациаҿы иаҭәашьан Мариа Сопрыкина иҭылхыз афильм "Апланета Кологрив аҟны москваа рыхҭысқәа".

Аноминациа "Акультуреи аҟазареи" аҿы аԥхьахә агеит Аик Ордиан идокументалтә фильм "Едуард Казариан. Ауаҩы-ссир". Уи азкуп еицырдыруа амузыкант, аҵарауаҩ Едуард Казариан иԥсҭазааратә мҩа. Аҩбатәи аҭыԥ аанакылеит Вениамин Смехов икинолента "Атеатр "Авулкан" аҿы".

Аноминациа "Агәыӷреи агәрагареи" аҿы иреиӷьу афильм ҳәа иалкаан Аԥснытәи алахәыла Амра Наҷҟьебиа лусумҭа "Абер". Афильм ауахәама аусзуаҩ қәыԥш изкуп. Уи иԥсҭазаара зегьы уаҟоуп иахьибо, аха хара имгакәа ари ауахәама лассы-лассы даҭаауа далагеит ҭыԥҳа ԥшӡак. Урҭ ирыбжьалаз ацәаныррақәа ирхылҿиаауа рыҩнуҵҟатә еиҿагыларақәа автор иаалырԥшуеит ари аусумҭаҿы.

Аҩбатәи аҭыԥ ари аноминациаҿы иааныркылеит ҩ-фильмк, Марина Чуваилова лусумҭа "Аԥҵәара", Екатерина Ушкова ллента "Гәрагарак. Ҩ-ԥсҭазаарак".
Аноминациа "Иҟази иҟалашеи" аҿы ажиури рыӡбарала актәи аҭыԥ аӡәгьы ианашьамызт. Аҩбатәи аҭыԥ еиҩыршеит ҩ-усумҭак, Ольга Киселиова лфильм "Ахәыҷра аҟәараҿы", Вадим Цаликов идокументалтә кинофильм "Беслан. Агәалашәара".

Акинофестиваль «Кунаки» мҩаԥысуеит Аҟәа

Аноминациа "Аиҩызареи аигәылареи" аҿы актәи аҭыԥ иаԥсахеит Екатерина Головниа лусумҭа "Адәқәа рҿы иҟьалаз". Афильм памиртәи атаџьыкцәа рҭоурых еиҭанаҳәоит. Урҭ Таџьыкьистан амилаҭтә еибашьра анцоз аамҭазы рыԥсадгьыл нрыжьыр акәхеит. Раԥхьа Афганистан инанагеит, нас – даҽаџьара, аха аҵыхәтәаны Урыстәыла нхарҭас ишьҭырхит, адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи рнапы аларкит. Аусумҭа ҵакы хадас иамоуп, ауаҩы дахьыҟазаалакгьы имилаҭтә ҵасқәеи идунеихәаԥшреи реиқәырхара илшар шихәҭоу.

Пленка. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аблоҭиа: Аԥсны акино арҿиаразы "Кунаки" алшара ҿыцқәа аԥнаҵоит

Аҩбатәи аҭыԥ ажиури рыӡбарала аӡәгьы ианашьамызт.
Иреиӷьу адебиут азы адиплом ланашьан Амра Наҷҟьебиа. Аоператортә усуразы апрофессионалтә ҳамҭақәеи адипломқәеи иаԥсахеит афильмқәа "Беслан. Агәалашәара", "Аҿықә-Полуи".

"Арежиссиортә ҟазаразы" адиплом ианашьан Геннади Шеверов иусумҭа "Сталин имҩаду" азы.

Акинофестиваль "Кунаки" аԥҵан 2007 шықәсазы, Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла изаамҭанытәиу реизара аҿы. Раԥхьатәи фы-шықәса уи мҩаԥысуан Шәача ақалақь аҟны, ҵыԥх – Ҟарачы-Черқьесск, сынтәа – Аԥсны ааԥхьарала, афестиваль Аҟәа имҩаԥысит.

Ажәабжьқәа зегьы
0