Акәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит

© Sputnik / Сырма АшәԥҳаАкәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит
Акәашаратә ансамбль Абаза аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Коџьаели ақалақь аҿы, арҭ амшқәа рзы имҩаҧысуа жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль аҟны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара алкаахеит.

КОЏЬАЕЛИ, ҬЫРҚӘТӘЫЛА, мшԥ 24 — Sputnik. Ахәаша ашьыбжьышьҭахь акәашаратә ансамбль "Абаза" Коџьаели ацәыргақәҵатә зал асцена ду аҟны иқәгылеит, рҟазаралагьы ахәаҧшцәа дыршанхеит: анапеинҟьара акыраамҭа еиқәтәомызт, ҳәа аалыцҳауеит аҭыԥан иҟоу Sputnik акорреспондент.

Ансамбль "Абаза" Дербент ақыҭаҿы аконцерттә программа рыманы иқәгылеит

Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәылатәи ақалақь Коџьаели аҟны имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи ахәыҷтәы акәашаратә фестиваль. Акәашаратә ансамбль "Абаза" аҧсуа бираҟ кны есышықәсатәи ари аныҳәа раҧхьаӡа акәны иалахәуп. Қоџьаели ақалақь ахада, Ибрагим Караосманоглы иабжьгаҩ хада Нермин Тол, ансамбль "Абаза", ақәгылара егьырҭ атәылақәа зегьы рансамбльқәа  ирылылкааит.

"Ԥшьымш рыҩныҵҟала  аҧсуа хәыҷқәа иҷыдоу аҭыҧ ааныркылеит  ҳақалақь аҟны. Ҳара ҳныҳәа аҵакы — адунеи иқәынхо ахәыҷқәа абзиабареи аҭынчреи рылааӡароуп. Аҧснытәи ахәыҷқәа рзы еснагь ҳашәқәа аартуп. Ҭагалан алагамҭазы Коџьаели ақалақь анапхгара Аҧсныҟа анеира ҳгәы иҭоуп", — лҳәеит лара.

Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа афестиваль Аҧснынтәи ахәыҷқәа алахәхартә еиҧш адгылара азҭаз ҳцьынцьуаҩ Руҳи Цыгәба  иҳәеит ансамбль "Абаза" инанагӡо акәашарақәа аҧсуа жәлар рытрадициақәа шаанарҧшуа.

"Сара гәахәарала исыдыскылеит избаз-исаҳаз зегьы. Ҳара ҳҧеиҧш — ҳара ҳхәыҷқәа роуп. Ҳаҧсуа хәыҷқәа сдыршанхеит, ҳахьӡ ҭыргеит. Ирыцу Реиҳабы Алықьса Аршба раҧхьа днаргыланы, иҭабуп ҳәа расҳәоит", — иҳәеит Цыгәба.

"Аҧсны жәларбжьаратәи афонд" аиҳабы Сонер  Гогәуа  ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қоџьаели ақалақь аҟны имҩаҧысуа ахәыҷтәы фетиваль аԥсуа ансамбль алахәхартә еиҧш ацхыраара ҟазҵаз зегьы. Ақалақь ахада иабжьгаҩ Нермин Тол аџьшьаратә ҳамҭа ланеишьеит

Афестиваль аофициалтә хәҭа хыркәшахеит иахьа. Уаҵәы ахәыҷқәа рзы аныҟәарақәеи ахәмаррақәеи еиҿкаахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0