Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны аԥсуа чара аинтерес ду цәырнагеит

© Фото : Московская абхазская диаспора Абхазская свадебная церемония
Абхазская свадебная церемония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аԥсуа диаспореи Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи акультура-усуратә хеилаки, аԥшьгаҩцәа рааԥхьарала, рхы аладырхәит адунеи ажәларқәа рчаратә традициақәа 4-тәи жәларбжьаратәи рфестиваль. Афестиваль мҩаԥысуан ԥхынгәы 4 рзы, Урыстәылатәи аетнографиатә парк-музеи "Етномир" аҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Урыстәылатәи аетнографиатә парк-музеи "Етномир" аҟны имҩаԥысуаз адунеи ажәларқәа рчаратә традициақәа жәларбжьаратәи а-4-тәи рфестиваль аҿы Аԥсуа чаратә церемониа Аԥсни аԥсуа традициақәеи рахь аинтерес ду цәырнагеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзаалыцҳаит Москватәи аԥсуа диаспора акоординатор Нара Папԥҳа.

"Ахәаԥшцәа ирыдгалаз аԥсуа чаратә церемониа Аԥсны ахаҭеиԥш аԥсуа традициақәа рахьгьы аинтерес ду аанарԥшит, аҭааҩцәагьы рацәаҩны иаднагалеит. Ҷыдала иазырхиаз аматериалқәа:"Аԥсуа чара асас изы аҿанҵахәи", "Аԥсуа чаратә традициақәа рзи" аинформациатә харҭәаара арҭон имҩаԥысуаз ақәгылара", — ҳәа азгәалҭеит Папԥҳа.

Лара лажәақәа рыла асеиԥш иҟоу афестиваль алахәра Аԥсназы иуникалтәу лшароуп. Иара ахархәарала иалшоит аԥсуа культура аилазаара инарҭбааны ауаа дырбара, дырдырра.

"Москватәи аԥсуа диаспоразы афестиваль алахәра уаҩ игәы иахәаша традицианы иҟоуп. Даҽазныкгьы асеиԥш иҟоу алшарақәа аԥсуа культура абеиара аадырԥшуеит. Арҭ рҩызцәа ауснагӡатәқәа иалдыршоит аԥсуа жәлари егьырҭ, абраҟа еиуеиԥшым, акыр иԥшӡоу ачаратә традициақәа цәырызгаз ажәларқәеи ркультурақәа реинырра", — лҳәеит Папԥҳа.

"Аԥсуа чара – ачара-ажәра ду" абас ахьӡын аԥсуа чара иазкны идырбаз ақәгылара, иара инаҵшьны иаанарԥшуан аԥсуа чаратә традициақәа еиҳа иҷыдоу аҟазшьақәа, иаанарԥшуан амҽхак аҭбаара, асасдкылара, ачаратә еишәа абарақьаҭра", — ҳәа аалыцҳаит Москватәи аԥсуа диаспора акоординатор.

Папԥҳа ишаҳзеиҭалҳәаз ала ахәаԥшцәа идырбан ижәытәиу аԥсуа қьабз ԥшӡа еиҭарҿыцны, ақәгылара амҩаԥгара аҭан  ачаратә традициақәа реиҭаҳәареи амилаҭтә кәашарақәеи иара убасгьы урҭ акәашарақәа рмастер-классқәеи рыла.

"Амца зыцрыддуа аԥсуа кәашарақәеи амастер-классқәеи ахәаԥшцәа аԥсуа чаратә ныҳәа иаҭазшәаҵәҟьа аҭагылазаашьа рырҭеит", — инаҵшьны иазгәалҭеит Нара Папԥҳа.
Ахыркәшамҭазы асасцәа зегьы наԥхьан аԥсуа чысхкқәа ргьама абархьы, ацылҵеит лара.

"Москватәи аԥсуа диаспореи Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи акультура-усутә центри ҭабуп ҳәа рарҳәеит аныҳәа аиҿкааҩцәеи иара зхы алазырхәыз аволантиорцәеи", — лҳәеит Папԥҳа.

Москватәи аԥсуа диаспореи Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи акультура-усутә центри, аԥшьгаҩцәа рааԥхьарала, рхы аладырхәит адунеи ажәларқәа рчаратә традициақәа жәларбжьаратәи а-4-тәи рфестиваль. Афестиваль мҩаԥысуан ԥхынгәы 4 рзы, Урыстәылатәи аетнографиатә парк-музеи «Етномир» аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0