Аԥснытәи артистцәа Шәачатәи амузыкатә фестиваль рхы аладырхәуеит

© Sputnik Илона ХварцкияФестиваль "Хибла Герзмава приглашает..."
Фестиваль Хибла Герзмава приглашает... - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача имҩаԥысуеит XXV Иаарту акамертә музыка афестиваль.

АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Есышықәсатәи акамертә музыка афестиваль "Бархатный сезон" мҩаԥысуеит Шәачатәи араионтә культура аҩны "Адлер" аҟны. Иара иалахәхоит аԥснытәи артистцәагьы ҳәа ҳаиҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьансыхә Чамагәуа.

Аԥснытәи ашәаҳәаҩцәа Џьансыхә Чамагәуеи Ҭемыр Ҭаниеи афестиваль аиҿкааҩ Александр Трошев иааԥхьарала раԥхьаӡа акәны афестиваль иалахәуп.

"Изныкым ари афестиваль акамертә музыка абзиабаҩцәа аргәырӷьоижьҭеи. Афестиваль амузыкантцәеи аҟазацәеи рыдагьы азыӡырыҩцәа бзиа еицырбахьеит. Ҭимур Ҭаниеи сареи ҳсолотә концерт мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 25 рзы. Ҳара инаҳагӡараны ҳаҟоуп аромансқәеи аԥсуа ашәақәеи. Цәыббра 27 рзы агала-концерт аҟны Шәачатәи акамертә оркестр ашәа ацаҳҳәараны ҳаҟоуп", — иҳәеит Чамагәуа.

Аныҳәатә программа иалахәхоит аромансқәа, аурыс жәлар рашәақәа, аоперақәа рҟынтәи ариақәа.

Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев. - Sputnik Аҧсны
Вера Таривердиева: Микаел ауарӷан азы музыка аҩра дахьалагаз Аԥсноуп

"Ҳара иалаҳхит аромансқәа ҩбеи аԥсуа ашәақәа ҩбеи. Актәи ашәа "Бара бзы2амузыка азиҩит Уасил Царгәыш, аҩбатәи – Кәасҭа Ченгьелиа иашәа "Аблеиқәара" ауп", – иҳәеит Чамагәуа.

Артист иазгәеиҭеит адует ааԥхьарақәа рацәаны ишамоу иара убри аамҭазы ашәақәа рыҩрагьы ишахьӡо.

"Аиааира амш инадҳәаланы Аԥсны ирацәоуп аконцертқәа. Ҳара Шәачаҟа ҳцоит цәыббра 24 рзы. Сгәы иаанагоит ишахәҭоу еиԥш ахӡыргара ҳалшап ҳәа. Цәыббра 30 рзы Нальчик ҳақәгылоит. Ажьырныҳәамзазы Андреев ихьӡ зху аоркестр ҳацны Финлиандиа, Швециа, Естониа ҳақәгылараны ҳаҟоуп", ҳәа ациҵеит иара.

Шәачатәи акамертә музыка афестиваль цәыббра 27 рҟынӡа имҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0