Амилаҭ рмазара иахәҭакыз: Томас Кәакәасқьыр игәалашәара аҳаҭыразы

© скриншот из фильмаАктер Томас Кокоскир в фильме "Белый башлык"
Актер Томас Кокоскир в фильме Белый башлык - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зоура, зыҭбаара наӡаз, ҿыԥшыларала дааԥшӡаны, дааиқәаны, Кавказ жәлар рхаҿра знубаалоз, ҵҩа змам абаҩхатәра злаз - абас акәын иӡбахә шырдыруаз, Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, акиноактиор Томас Кәыта-иԥа Кәакәасқьыр.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Томас Кәыта-иԥа Кәакәасқьыр диит ԥхынгәы 22, 1942 шықәсазы Бзыԥҭа аҳаблан. Томас даныхәыҷыз инаркны иҩызцәа дрылукаауан илаз абаҩхатәра ала. Иара ашкол данҭаз аахыс дрылахәын ашәаҳәаратә ахаԥшьгаратә коллективқәа.

Хҭырԥа шкәакәа афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
"Хҭырԥа шкәакәа": афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи

Абжьаратә школ даналгалак, дырҭалоит Аҟәатәи аиндустриалтә техникуми, аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭеи. Анаҩс иҵара иациҵоит Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә-арҵаҩратә институт аҿы.

"Аԥышәарақәа рыҭира даннеи, Томас инаигӡар акәын жәлар рашәак. Аҵарауаа аԥсуа ҷкәын интересс дыкны изыӡырҩуан. Усҟан, Бзыԥҭатәи ашәаҳәаҩ "Ахәрашәа" аацәыригеит, анаҩс "Ахрашәа". Излеилкаахаз ала, аԥышәара зҭиуа ашәа аҵыхәанӡа имҳәаргьы ауан, аха Томас ибжьы ихнахыз, ашәа азбжаҟны иаанкылара акәым, ҩ-ашәак аҵыхәанӡа инаигӡаанӡа, ибызшәа шырзеилымкаауазгьы, даанырымкылеит", — лҳәоит Томас ибзианы дызгәалашәо, ҳаблак ицалҵыз апоетесса Белла Барцыцԥҳа.

Истуденттә шықәсқәа ирылагӡаны, Станиславскии-Немировичи-Данченки рыхьӡ зху атеатр аоператә қәгыларақәа рҿы ашәа иҳәахьан. Аҵара анхиркәша ашьҭахь, Аԥсны акультура аминистрра ааԥхьарала дхынҳәоит иԥсадгьыл ахь. Араҟа аҳәынҭқарратә филармониаҟны ахкынагӡаҩыс дшьақәырӷәӷәан.

Томас бжьы хәыҷлеи, бжьы ҿацалеи аԥсуеи, Асовет Еидгылеи, аҳәаанырцәтәии акомпозиторцәа раԥҵамҭақәа рынагӡара илшон.

© Foto / из архива семьи КокоскирАктер Томас Кокоскир
Актер Томас Кокоскир - Sputnik Аҧсны
Актер Томас Кокоскир

"Аҳәынҭқарратә филармониаҟны Томас аклассикатә репертуари жәлар рашәақәеи наигӡон. Абарҭқәа инарываргыланы, Томас аспортгьы дазҟазан, дбоксиорын, изныкымкәа икапантә категориаҟны актәи аҭыԥқәа ааникылахьан", — ҳәа азгәеиҭоит иҩыза бзиа, Аԥсны Жәлар рартист Уасил Царгәыш.

Ашәаҳәара ада, Томас Кәыта-иԥа иоуит алшара, акино аҿгьы иҟазара аарԥшра.

Баграт Шьынқәба иҩымҭала арежиссиор Владимир Савельев исахьаркыратә фильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҭыхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсныҟа данаа, иаарласны афырхаҵа хада Ҳаџьараҭ ироль назыгӡашаз актиор дизымԥшааит.

Ԥыҭраамҭак ааҵуаны, Савельев Аҟәа Томас илаԥш дыҵашәеит. Иаразнак ихы инаркны ишьапаҟнынӡа Ҳаџьараҭ ироль дшанаалоз ибеит. Уи акәхеит, Томас Кәыта-иԥа актиортә баҩхатәра шилазгьы ааԥшит.

"Томас иахь Савельев дхьарԥшны "абар Ҳаџьараҭ дахьыҟоу" анысҳәа, уаҳа даҽаӡәы дишьҭамлеит", — игәалашәоит "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны арольқәа руак назыгӡоз Виачеслав Аблоҭиа.

Режиссер Вячеслав Аблотия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аблоҭиа: акиносахьа "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны ҳҭырхырц азы ҩажәамш аҽыкәтәашьа ҳҵон

Ареволиуциатә ҟазшьа зныԥшуаз асахьаркыратә фильм "Хҭырԥа шкәакәа" раԥхьаӡа акәны аекран ахь ианцәырҵ нахыс ахәаԥшцәа зегьы бзиа еицырбеит. Томас Кәакәасқьыр илшеит, Аԥсны ахақәиҭреи, анхацәа рзинқәеи ирзықәԥоз Ҳаџьараҭ Кьахьба ихаҿра нагӡаны аарԥшра.

Ари акино иахьагьы ажәлар рдоуҳатә мазара акәны иҟоуп.

"Хҭырԥа шкәакәа" дырбан СССР, Германиа, Венгриа, Болгариа, Чехословакиа, Румыниа, Афганистан, Иемен, Мысра, Судан, Мали, Нигериа, Сириа, Мадагаскар, Франциа атәылақәа рҟны. Еиҭаган афранцызи англызи бызшәақәа рахь.

Томас Кәыта-иԥа идыз ароль анагӡашьа ихнахыз арежиссиорцәа аӡәырҩы ааԥхьарақәа ирҭон еиуеиԥшым асахьаркыратә фильмқәа рҭыхраҿы ихы алаирхәырц, аха иара мап икуеит.

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь дақәшаҳаҭхоит Киевтәи акиностудиеи, Иапониатәи афирма "Кодоки" еилахәны СССР аҳәынҭқарратә кино азы Джек Лондон ироман "Сердца трех" ала иҭырхуаз асахьаркыратә фильм аҟны, аиспан Енрико Солано ироль анагӡара.

Ҳаџьараҭ Кьахьбеи Енрико Соланеи рхаҿқәа ирнаалаз, зыхьӡ хара ицаз, ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз актиор Томас Кәакәасқьыр, зегь акоуп ашәаҳәара нимыжьит.

Ашәаҳәаратәи акәашаратәи аҳәынҭқарратә ансамбль дацны, изныкымкәа иҽрылаирхәхьан аҳәаанырцәтәи агастрольқәа.

Томас Кәыта-иԥа Кәакәасқьыр еиԥш иҟоу ауаа, амилаҭ амазара ҳәа рзырҳәоит. Аха, 1992 шықәсазы, Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи рыбжьара ианҭагыла, Томас иашьцәеи иҩызцәеи дрывагылеит абџьар шьҭыхны. Иуаажәлар рзы дышмалызгьы, зегь акоуп ихы деигӡомызт. Томас Кәакәасқьыр иара убас далахәын аибашьра ашьҭахь Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны имҩаԥысуаз арыцқьарақәа. 1994 шықәса ажьырныҳәа 20 рзы, Гал ақалақь ирратә уалԥшьақәа шынаигӡоз аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит.

Томас Кәыта-иԥа иҭахара ицәыӡ духеит ҳмилаҭ культуразы, ажәлар рзы, хымԥада, иҭаацәа рзы. Актиор иҭынхеит хҩык ахшара, ҩыџьа иԥацәеи, иԥҳаи.

Гагра араион ауааԥсыра иаадырԥшыз агәаҳәарала, Томас Кәакәасқьыр ихьӡ ахҵоуп ақалақьтә культура аҩны.

Ажәабжьқәа зегьы
0