Ажәларқәа реиҩызара Афестиваль мҩаԥысуеит Аҟәа

© Sputnik / Глеб Котов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФестиваль Дружбы народов
Фестиваль Дружбы народов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль мҩаԥысуеит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакра адгыларала, Урыстәыла жәлар ракзаара Амш аламҭалазы.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ажәларқәа реиҩызара Афестиваль мҩаԥысуеит Аҟәа абҵара 2 рзы ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакра аусзуҩ Софиа Кольцова.

"Раԥхьа иргыланы, афестиваль Аԥсны иқәынхо ажәларқәа зегьы: аԥсуаа, аурысқәа, аерманцәа уҳәа егьырҭ амилаҭқәа реиҩызара иазкуп", —  лҳәоит Кольцова.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа Реидгыла ахантәаҩы Анна Калиагина ишылҳәо ала, сынтәа афестиваль аформат ҿыц ала имҩаԥысуеит. Иара хацыркхоит ҭагалантәи арт-маркет ала.

"Арт-маркет аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡыргахоит Аԥсны, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла руааԥсыра рнапкымҭақәа", — лҳәоит лара.

Аусумҭақәа цәыригар ҟалоит дарбанызаалак изҭаху, абҵара акы аҟынӡа алахәхараз арзаҳал назгаз.

Афестиваль аҩбатәи ахәҭа концертуп. Аконцерт мҩаԥысует Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа, асааҭ 15:00 рзы.

Ажәларқәа реиҩызара Афестиваль мҩаԥысуеит Аҟәа абҵара 2 рзы.


Ажәабжьқәа зегьы
0