"Абысҭа" Сҭамԥылтәи асценаҿы

© Foto / Атеатр архив аҟынтәСҭамԥылтәи атеатр "Абысҭа" ақәыргыламҭа аҟынтәи
Сҭамԥылтәи атеатр Абысҭа ақәыргыламҭа аҟынтәи  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса зхыҵуа, Сҭамԥыл ақалақь аԥсуа Дернеқь аҟны еиҿкаау аҿар ртеатр "Абысҭа" ашьақәгылашьеи, иарбан спектакльқәоу иқәдыргылахьоуи, актиорцәа ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы еиҭалҳәеит атеатр асценарист-арежиссиор Шьибзаҳ Назлы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Хышықәса раԥхьа адыга ҭыԥҳа, асценарист-арежиссиор Шьибзаҳ Назлы Сҭамԥыл ақалақь аԥсуа Дернеқь аҟны атеатр аԥҵаразы ааԥхьара лоуит. Актиортә ҟазара ззанааҭқәа адҳәалаз аҿар еидкыланы ишьақәлыргылеит атруппа. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны, Шьибзаҳ Назлы илыллыршеит аспектакльқәа ҩба рзы асценари ҩны, рықәыргылара.

Иџьашьахәу атеатр ахьӡ "Абысҭа" акәзар, уи арежиссиор лажәақәа рыла, зегьы еицҿакны ирыӡбеит бзиа ирбо, рыԥсадгьыл афҩы зхылҵуа ачыс ахьӡ ахызарц.

"Абысҭа" раԥхьатәи аспектакль "Аҩны" ианыԥшуеит амҳаџьырра аамҭа еиқәаҵәақәа.

"Ҳара иахьа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи, адыгааи, иара егьырҭ Кавказ ахаҭарнакцәеи иаҳхаҳаршҭӡом ҳажәларқәа зыниаз ахҭысқәа. Аха убри азы аус ду мҩаԥгалатәуп. Ҳара ҳтеатр ақәгыларақәа рылагьы ҳҭоурых еиҭаҳҳәарц ҳаҿуп", - ҳәа ҳаиллыркааит асценарист-арежиссиор.

"Абысҭа" аспектакльқәа ирылахәуп ахәыҷқәагьы. Актиорцәа ирҭахуп ҳауаажәлар знысыз амҩа хьанҭа атәы даргьы рхаҟны инхарц, рыблаҿы асахьақәа ааирц.

Ароль хадақәа руакы назыгӡо актриса қәыԥш Хьыбла Тәанԥҳа илҳәеит, аспектакль "Аҩны" аҟны ахәмарра лара лзы аҵак ду шамоу.

© Foto / Атеатр архив аҟынтәСҭамԥылтәи атеатр "Абысҭа" ақәыргыламҭа аҟынтәи
Абысҭа Сҭамԥылтәи асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Сҭамԥылтәи атеатр "Абысҭа" ақәыргыламҭа аҟынтәи

"Ароль анагӡараан исоуз ацәаныррақәа ртәы аиҭаҳәара уадаҩуп. Уи иацуп ҵҩа змам абзиабара, агәырҩа. Сара сфырԥҳәызба бзиа илбоз арԥыс аурыс-кавказтәи аибашьраҟны дҭахоит, лара атәым дгьыл ахь дахнагоит. Аԥҳәызба лгәы еиҩшоит, аԥсҭазаара иаҵоу ахаареи, аԥшӡареи ркәицқәа наӡаӡа иҿыцәаауеит ла лзы", - еиҭалҳәоит актриса.

Аспектакль хырқәшахоит аҿыц аамҭа ала. Ашәышықәса аԥхьа зџьынџьдгьыл иаҟәыҭхаз рыԥсадгьыл ахь агәашәқәа рзаатуеит.

© Foto / Атеатр архив аҟынтәСҭамԥылтәи атеатр "Абысҭа" ақәыргыламҭа аҟынтәи
Абысҭа Сҭамԥылтәи асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Сҭамԥылтәи атеатр "Абысҭа" ақәыргыламҭа аҟынтәи

"Абысҭа" аҩбатәи ақәгылара "Атәымуаа" азкуп 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра.

Назлы Шьибзаҳ араҟа, аԥсуаа агәилшәҭқәа ирыдылкылеит, ақәылаҩцәа урҭ ԥызҟо ракәны иаалырԥшит. Ари ақәгылара апремиера хәажәкырамзазы арбара азгәаҭоуп.

Шықәсыки бжаки аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥганы, актиорцәа асцена ду ахь ицәырҵит. Дара ҩынтә Сҭамԥыл иқәгылахьеит, знык Измиҭ. Ааигәа иргәиҭоуп Измир ақалақь ақәыгалара.

© Foto / Атеатр архив аҟынтәСҭамԥылтәи атеатр "Абысҭа" ақәыргыламҭа аҟынтәи
Абысҭа Сҭамԥылтәи асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Сҭамԥылтәи атеатр "Абысҭа" ақәыргыламҭа аҟынтәи

Цәаныррала еибаркыу аҿар рыхәмарра лаӷырӡыда ахәаԥшра уадаҩуп. Актиорцәа рҟазара ихнаххьеит зықьҩыла атеатр абзиабаҩцәа.

Назлы Шьибзаҳ иҳаиллыркааит актиорцәа агәаҳәара дуӡӡа шрымоу Аԥсныи, Нхыҵ-Кавкази, Урыстәыла ақалақьқәеи рҟны иқәгыларц.

Светлана Корсая - Sputnik Аҧсны
Қорсаиаԥҳа: Аԥсны атеатр ахь абзиабара аҿыхара иалагеит

"Иҳамоу аспектакльқәа рыҩбагьы аԥсышәалеи, урысшәалеи иҳарцәажәарц ҳҭахуп. Анаҩс ҳгәы иҭоуп Аԥсни, Нхыҵ-Кавкази, Москвеи инхо ҳауаажәлар идҳарбарц", - ҳәа наҵылшьит асценарист-арежиссиор.

"Абысҭа" имҩаԥнаго аҽазыҟаҵарақәа рҿы ацхыраара дуӡӡа аалырԥшуеит Ҭырқәтәыла еицырдыруа актриса, аҟазара амҩаԥгаҩ Аила Алган.

Нызла Шьибзаҳ илҳәеит, аспектакльқәа рҟнытә илҵуа аԥара, Ҭырқәтәыла, аԥсуа қыҭақәа рҿы иҟоу ашколқәа ацхыраара аҳасабала ирырҭарц ргәы ишҭоу.

"Абысҭа" атруппа шьақәгылоуп актиорцәа Ердеми, Аныли, Бенани Цәеиаа, Пелини, Ергьиуль-Мираии Ашәԥҳацәа, Хьыбла Тәанԥҳа, Бурақ Хәымсацә, Ендер Арӡынба, Екәашь Атакан, Ҭаӷан Серџьаи рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0