Анапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт: ансамбль "Кавказ" Аҟәа аконцерт мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт ГАНТ Кавказ
Концерт ГАНТ Кавказ  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 4 рзы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" аконцерт. Акарантин аамышьҭахь раԥхьатәи аконцерт шымҩасыз шәаԥхьа Sputnik аматериал аҟны.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашара ансамбль "Кавказ" имҩаԥнагаз аконцерт ахь имҩахыҵит ахәаԥшцәа рацәаҩны. Еизаз зегьы азыԥшын аконцерт алагара, афилармониа иадеизаланы игылан хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Аныҳәатә концерт амш машәыршақә иалхӡамызт, ансамбль "Кавказ" раԥхьаӡатәи арепетициа мҩаԥысит абри аҽны 26 шықәса раԥхьа: нанҳәа 4, 1994 шықәсазы.

Игәышьҭыхгоу аланарԥшыра: ансамбль "Кавказ" аконцерт шымҩаԥысыз>>

Аконцерт алагаанӡа ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба иҳаиҳәеит иахьатәи амш ишазааиз, апандемиа амшала уадаҩрақәас изыниаз:

"Иахьатәи ҳапрограмма аамҭа кьаҿқ иалагӡаны иқәҳаргылаз ауп. Адунеи зегьы ианыԥшыз апандемиа ҳаргьы иаҳԥырхагахеит хымԥада. Аҽазыҟаҵарақәа аанкылан, ҳакәашаҩцәа арепетициахь ирыхон, ицәгьан есҽнытәи аус аанкылара. Ачымазара аԥкырақәа рышьҭахь, ҳалагеит аҽазыҟаҵара, еиқәҳаршәеит апрограмма ҳахәаԥшцәа ирыдаагало. Анаҩс иазԥхьагәаҭуп араионқәа рахь аконцерттә номерқәа ҳаманы ацара", - ҳәа азгәеиҭоит ансамбль анапхгаҩы.

Аԥсуа жәлар рыкәашарақәа егьырҭ ажәларқәа излареиԥшым рхатәы ҟазшьа, рхатәы ритм, рхатәы еиҿкаашьа рымоуп. Убас, афилармониа азал аҟны икәашоз акәашаҩцәа рҟазарагьы даара уаршанхон. Улаԥш архьыгӡара уахьымӡо игьежьуан, ишьацәхыртәны рыкәашара угәы арҵысуан, азал, амузыка, алашарбагақәа реиҿкаара угәы арҭӡыӡаауан.

Арвелод Тарба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭарба "Кавказ" аконцерт азы: акәашарақәа ҿыцрақәак рылаҳгалеит

Ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт, аконцерт аҟны иаԥҵан аныҳәатә гәалаҟазаара. Ансамбль "Кавказ" адаул асыҩцәа ракәзар, ахәаԥшцәа дыршанхон, рнапы аусушьа, рыццакыратә елементқәа убла хыркуан.

"Изларылшои абас ахәмарра, уамашәа избоит!" - лҳәеит азал аҿы итәаз, аҳәаанырцәынтә ҳтәыла иаҭааз ахәаԥшҩы.

Аҵыхәтәантәи аномер - ансамбль ахьӡ иахаршалоу акәашара "Кавказ" ала ихыркәшахеит Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашаратә ансамбль аконцерт. Ахәаԥшцәа рахь ицәырҵит ансамбль артистцәа, ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, уи адиректор, "Ахьӡ-Аԥша" аорден 3-тәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рартист Арвелод Ҭарба. Анапеинҟьабжьқәа ирыцны азал иҩныҩуан "Иҭабуп!" ҳәа абыжьқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт ГАНТ Кавказ
Анапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт: ансамбль Кавказ Аҟәа аконцерт мҩаԥнагеит - Sputnik Аҧсны
Концерт ГАНТ Кавказ

Аԥсны акультура аминистр Гәыдиса Агрба иажәақәа рыла, Акультура аминисттра азҿлымҳауп абас еиԥш иҟоу ақәгыларақәа ахәаԥшцәа дырбара.

"Аԥсны Акультура аминистрреи, Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" аиҳабыреи ҳареи аимадара ҳабжьоуп, иахьатәи аконцерт ҳаилахәны имҩаԥаҳгоит. Ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭаы иҳамоуп аусмҩаԥгатә ҿыцқәа, Аԥсны аҩныҵҟа хәыда-ԥсада агастрольқәа рымҩаԥгара" - иҳәеит Агрба.

Аминистр адырра ҟаиҵеит жьҭаарамзазы Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" ааԥхьара шамоу Урыстәыла имҩаԥысуа афестиваль "Мир Кавказа" ахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0