Александр Шьоуа агәыԥ "Непара" аусеицура изаҟәыҵыз атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлександр Шоуа
Александр Шоуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа урыстәылатәи ашәаҳәаратә гәыԥ "Непара" 2002 шықәсазы иаԥырҵеит Александр Шьоуеи Викториа Талышинскеи. Агәыԥ аусеицура иаҟәыҵит 2018 шықәсазы.
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥснытәи амузыкант, агәыԥ "Непара" алахәыла Александр Шьоуа аколлектив зеиԥҟьаз атәы далацәажәеит арадиостанции "Москва FM аинтервиу аҭо".
Непара аконцерт афилармониаҟны имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2017
"Непара" аконцерт афилармониаҟны имҩаԥысит
Шьоуа ишиҳәаз ала, асцена анҭыҵ Викториа Талышинскеи иареи реизыҟазаашьақәа бзиамызт.
"Аус хырыҩ азызуа ауаҩы аус ицурагьы уадаҩуп. Арепетициа бжьалмыжьырц, ақәгыларақәа дрыгымхарц, аконцерт ахь арыжәтә лыдыкыламкәа днеиларц лаҳәалатәын. Сара даара сааԥсеит", - иҳәеит Шьоуа.
Ҵыԥх алахәыла ҿыцқәа рыла аколлектив аиҭахацыркра иӡбеит Александр.
"Ажәытә ашәақәа ҳҳәоит. Еилыскаауеит ауаа урҭ ашәақәа раҳаларц шырҭаху", - ҳәа азгәеиҭеит Шьоуа.
Амузыкант абренди агәыԥ ашәақәеи апродиусер Олег Некрасов имихәҳаит.
Еицырдыруа урыстәылатәи ашәаҳәаратә гәыԥ  "Непара" 2002 шықәсазы иаԥырҵеит Александр Шьоуеи Викториа Талышинскеи. Шықәсык ааҵуаны иҭыҵит  альбом "Другая семья".
2012 шықәсазы  Александр Шьоуа асолотә кариера далагарц иӡбеит аха 2013 шықәсазы адует ҩаԥхьа аицықәгылара иалагеит. 2018 шықәсазы Шьоуа аҳәамҭа ҟаиҵеит  "Непара" уаҳа иҟам ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0