Ашәа аԥҵара иазҟазаз: Ражьден Гәымба 95 шықәса ихыҵра иазкны

© Foto / их архива семьи ГумбаРажден Гумба
Ражден Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, аорден "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Ражьден Гәымба диижьҭеи иахьа 95 шықәса ҵуеит.
Sputnik
Ражьден Гәымба диит цәыббра 12, 1926 шықәса рзы, Дәрыԥшь ақыҭаҿ. Иара 14 шықәса анихыҵуаз раԥхьатәи иашәақәа иҩуа далагеит, усҟан анотатә грамота издыруамызт, иҷыдоу адыргақәа рыла иаирбон имузыка.
Аԥсуа фольклор акомпозитор итема хадақәа ируакын. Аибашьра атематика акәзар, дышқәыԥшыз ирҿиара иалалеит.
Ражден Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2020
Жәлар рбаҩхатәра злаз: раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымба иҭоурых
Ражьден Гәымба иабду, жәлар шәаҳәаҩ, ажәабжьҳәаҩ Мамсыр лассы-лассы имоҭа абыргцәа ахьеизоз днеигалон. Усҟан арԥыс иаҳаз ашәақәа изаадыртит ижәлар рҭоурых. Қырҭтәыла жәлар рҟазара Аҩнаҟны ахор адирижиорцәа ркурс даналга ашьҭахь Ражьден Гәымба аусура далагоит Чхорцҟәыл араион аҟны. 1955 шықәса рзы Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбль напхгара аҭара далагоит. Усҟантәи аамҭазы иарак акәын профессионалтә коллективны Аԥсны иҟаз.
Ражьден Гәымба ирҿиамҭақәа нарыгӡоит Бырзентәыла, Франциа, Молдавиа рхортә коллективқәа.
Иахьа шьҭа зыдунеи зыԥсаххьоу акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист атәым тәылаҟа ихырҵәаз аԥсуаа рлахьынҵа еснагь хьаас иман, иаԥҵамҭақәа ирынирԥшуан.
Ражден Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2017
"Нырцә Аԥсныҟа сыԥшуа": еицакра зқәым Ражьден Гәымба игәалашәарақәа
"Аҳәаанырцә инхо ҳауаажәлари ҳареи уарла-шәарла акәзаргьы аибабарақәа ҳабжьало ҳаналага, аибабара аныҟала, раԥхьатәи Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ицоз агәыԥ саргьы салан, еиҳабыс дҳацын Џьон Гәбаз. Уи агәыԥ композиторк иаҳасаб ала сацын", - иҳәеит иара ажурналист Сырма Ашәԥҳаи иареи реицәажәарақәа руак аҿы.
Ражьден Гәымба излазгәаиҭоз ала, Ҭырқәтәыла дыҟанаҵы икарандашьи иқьаади еиқәихуамызт.
"Знык аҳәаа ҳнахыҵны, аҭырқәцәа рымшын аҟәара ҳаннавала нахыс, абри еиԥш агәаанагарақәа соуан: абни ахаҳә аҵаҟа джызар аӡәы, даҽаӡәы аҵла ашьапаҿы джызар, мамзаргьы абни аҵла игылоу ашьапаҿы дшадтәалаз амла дакны дыԥсызар, абри амҩа шаҟаҩ ықәӡыда ҳәа хәыцра шәкы сеимаркуан", - иҳәон Гәымба.
Акомпозитор излаиҳәоз ала, ашьаҭа икит хыхәҭа дукны иҟаз Ораториа, амҳаџьырқәа рышьҭрала. Уи ахоргьы ирҳәоит, асолистцәагьы ирҳәоит, асимфониа аоркестр иазкынгьы иҟоуп.
Ражьден Џьгәаҭан-иԥа Гәымба иԥсҭазаара далҵит 2007 шықәса нанҳәа 21 рзы. Иара зегьы бзиа дырбон, уаҩышьалагьы, ҟазаралагьы, ҭеиҭԥшлагьы иаарылукаауаз дыруаӡәкын ҳәа дихцәажәон иара иколлега акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа.
Ражьден Гәымба ихьӡ ахуп Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа.
Ажәабжьқәа зегьы
0