Аԥснытәи аделегациа Курсктәи аекономикатә форум иалахәуп

© Фото : Инар ГицбаСЭФ 2018
СЭФ 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура аиҳабы Инар Гыцба Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥснытәи аделегациа Урыстәылабжьаратә аекономикатә форуми аиармарка "Курская Коренская ярмарка–2018" алахәреи ртәы.

АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура аиҳабы Инар Гыцба Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥснытәи аделегациа Урыстәылабжьаратә аекономикатә форуми аиармарка "Курская Коренская ярмарка–2018" алахәреи ртәы.

"Макьаназ аусурақәа апленартә еилатәарақәа ррежим ала имҩаԥысуеит. Ҳделегациа урҭ ирылахәуп. Ҳарҭааны иаабеит аиҿкаарақәа, ацентрқәа, алабораториақәа уҳәа рцәыргақәҵақәа, аҵарауаа ҿарацәа рцәыргақәҵақәа" ҳәа еиҭеиҳәоит Гыцба.

Аԥсуа делегациа рылахәуп аекономика аҿиара иазку азҵаарақәа рылацәажәара ҳәа иҳәоит иара.

"Ҷыдала сара аинтерес скит "Молодежь в экономике знаний, умная и комфортная среда" захьӡыз аилацәажәаратә еиԥылара. Уаҟа зыӡбахә ҳәо аҿар атәыла аекономика аҿиара аҽалархәроуп, уаҵәтәи амш еиуеиԥшым амодельқәа рылацәажәароуп. Ҷыдала – аинформациатә технологиақәеи блокчеин атехнологиақәеи рыҿиароуп", — иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура аиҳабы Инар Гыцба.

Иара иажәақәа рыла, афорум аҿы ирылацәажәоит ҳаамҭазтәи аекономика еиуеиԥшым амодельқәа русура.

Рашәара 9 рзы иаартхоит XVIII арегионалбжьаратә иармарка "Курская Коренская ярмарка–2018" иҳәеит иара.

"Аиармаркаҿы дықәгылараны дыҟоуп ҳделегациа ахада, атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Лышәба. Сара сиԥылараны сыҟоуп Курсктәи аобласт аинновациақәа радыԥхьаларазы амаҵзура адиректор хада Алексеи Еремеев", — ҳәа еиҭеиҳәоит Гыцба.

Ауснагӡатә иалахәхоит 25 рҟынӡа тәыла, 1400 рҟынӡа еилахәыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0