Гагра араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аԥсыҭбарақәа ацуп

© Fotolia / AstrosystemПолицейская машина на месте происшествия
Полицейская машина на месте происшествия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Гагра араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аԥсыҭбарақәа ацуп. Иҭахеит хҩык атәыла ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Амашәыр ҟалеит ԥхынгәы 3, асааҭ 2:30 рзы, Гагра араион, Бзыԥҭа аҳабла иахьаҵанакуа. Автомобиль Audi аԥсҟы зкыз Гагра араион аҿы ԥхынгәы 3 ауха аҵла даахеит. Автомашьына иҭатәан ԥшьҩык ауаа. Амашьына аԥсҟы зкыз Гагратәи ахәышәтәырҭахь днагоуп, уи иԥсҭазаара шәарҭа амам ҳәа ирыԥхьаӡоит, егьырҭ апассаџьырцәа рыԥсҭазаара иалҵит.

Амҩатә машәыр аганахь ала аекспертиза амҩаԥгара иаҿуп аус знапы иану аорганқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0