Нхыҵ Уаԥстәыла альпинистцәа ыӡит

© Фото : Al ghazaliАльпинист
Альпинист - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ Уаԥстәылатәи аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аҿы иӡыз альпинистцәа ашәҟәы иҭагаламызт.

АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik.  Альпинистцәа иӡыз Нхыҵ Уаԥстәылатәи аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аҿы ашәҟәы иҭагаламызт. Уажәы урҭ рыԥшаара иаҿуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Нхыҵ Уаԥстәыла АҶА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Иҟоу аинформациала, Краснодартәи атәылаҿацә Альпинизм Афедерациа алахәылацәа хҩык альплагер "Комы-арт" аҿынтә ашьха Галдор ахалара иалахәын. Ашьха аҳаракыра 4 238 метра ыҟоуп. Иарбаз аамҭазы дара ҭелла рыҽҳамарымдеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥхьатәи аԥшаарақәа лҵшәа анырмоу, нанҳәа 21 рзы Урыстәыла АҶА авиациа ацхыраараз ишьҭыхын. Аҭыԥ иахыԥрааит, аха аӡәгьы ихабар рымбеит.

Альпинистцәа рыԥшаара иацҵахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0