Египет амҩатә машәыр иахҟьаны аԥсыҭбарақәа рацәаны иҟалеит

© AFP 2023 / Mohamed El-RaaiМашина скорой помощи в Египте, фото из архива
Машина скорой помощи в Египте, фото из архива - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Египет апассаџьыртә автобус ахьааҳәыз иахҟьаны аԥсыҭбарақәа рацәаны иҟалеит.

АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. Египет амҩатә машәыр иахҟьаны аԥсыҭбарақәа рацәаны иҟалеит, апассаџьыртә автобус ааҳәит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Youm7 адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Массовое ДТП произошло на Кубани - Sputnik Аҧсны
Ҟәбан амҩатә машәыр ӷәӷәа ҟалеит

Амҩатә машәыр аҭыԥ аман апровинциа Бени-Суеиф аҿы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла амашьына аԥсҟы зкыз импыҵҟьеит, автобус ааҳәит. Иҭахази ахәрақәа заузи рхыԥхьаӡара 30-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Иҟалаз шыҟалаз уажәы аҭҵаара иаҿуп.

Аамҭақәак раԥхьа амҩатә машәыр аҭыԥ аман Мерса-Матрух-Александриа. Усҟан иҭахеит 25-ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0