Нижегородск арратә наплакаҿы аԥжәара ҟалеит

CC0 / / Пожарные работают на месте происшествия
Пожарные работают на месте происшествия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нижегородск арратә зауадқәа руак аҿы аԥсыҭбарақәа зцу аԥжәара ҟалеит.

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. Нижегородск арратә зауадқәа руак аҿы аԥжәара ҟалеит, иҭахаз ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ахҭыс ҟалеит И.М. Свердлов ихьӡ зху азауад аммонал ахьыҭрыжьуа ацех аҿы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иҟоу адыррақәа рыла, хҩык ҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит. Даҽа хҩык макьаназ рыԥшаара иаҿуп.

Аԥжәара иахҟьаны шә-метр ԥшьыркца иахьаҵанакуа амцакра ҟалеит. Уажәы амцарцәараз аусурақәа мҩаԥысуеит. Иҟалаз шыҟалаз аҭҵаара иаҿуп.

И.М.Свердлов ихьӡ зху азауад —Урыстәыла аџьаԥҳаныҭыжьырҭақәа иреиҳау наплакуп. Азауад иҭнажьуеит еиуеиԥшым арԥжәагатә маҭәашьарқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0