Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аҟны дҭахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннадий Гагулия
Геннадий Гагулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҳабыра рмашьынақәа еишьҭагыланы иаауан Шәачатәи аҳаирбаӷәазантә Аҟәаҟа асабша ауха, цәыббрамза 8 рзы. Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз, амҩаду "Ԥсоу-Аҟәа" дшаныз иҟалаз амашәыр иахҟьаны, цәыббрамза 8, 23 сааҭ рзы.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аԥыза-министр дышҭахаз азы аинформациа шьақәлырӷәӷәеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзуреи аинформациеи рыҟәша аиҳабы Диана Занҭариа.

"Ааи, ари аинформациа шиашоу шьақәҳарӷәӷәоит. Авариа ҟалеит "Ԥсоу-Аҟәа" амҩаду аҟны, Мысратәи апост уахьаахысуа, 23 сааҭ инарзынаԥшуа", – лҳәеит Занҭариаԥҳа.

Геннади Гагәылиа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дызхагылаз аԥсуа делегациа дахәҭакны Шьамтәыла официалла даҭааны дыҟан.

Геннади Гагәылиа диит ажьырныҳәа 4, 1948 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ахантәаҩыс дыҟан 1995-1997 шықәсқәеи, 2002-2003 шықәсқәеи рзы.

Аԥсны аԥыза-министрс дҟаҵан 2018 шықәса мшаԥымза 24 рзы. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0