Шәача идыртәаз аҳаирплан апассаџьыр иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәача аҳаирплан атәара. Архивтә фото
Шәача аҳаирплан атәара. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаршрут "Ханой-Лондон" ала иԥыруаз аҳаирплан иаалырҟьан итәар акәхеит шәачатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҿы аҩаша ашьыжь, асааҭ 5:17 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Ханоинтәи Лондонҟа иԥыруаз аҳаирплан иаалырҟьан итәар акәхеит Шәачатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҿы, апассаџьырцәа руаӡәк игәабзиара ахьбааԥсхаз иахҟьаны. Ахаҵа иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Шәача аҳаирплан дыртәар акәхеит апассаџьырцәа руаӡәк иаалырҟьаны игәабзиара ахьбааԥсхаз азы. Ахаҵа иԥсҭазаара далҵит ҳәа шьақәдырӷәӷәеит аҳаирплан иаԥылаз амедицинатә усзуҩцәа", — ҳәа аанацҳауеит амаҵзура.

Аҳаиртә баӷәаза аштаттә режим ала аус шауц иауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0