Николаи Караченцов иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНиколай Караченцов
Николай Караченцов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Николаи Караченцов иԥсҭазаара дшалҵыз атәы шьақәлырӷәӷәеит иԥҳәыс Лиудмила Поргина.

АҞӘА, жьҭаара 26 — Sputnik. 73 шықәса зхыҵуаз Урыстәыла жәлар рартист Николаи Караченцов иԥсҭазаара дшалҵыз атәы шьақәлырӷәӷәеит иԥҳәыс Лиудмила Поргина ҳәа аанацҳауеит RT.

Артист Андреи Караченцов иԥа РИА Новости адырра аиҭеит аԥсы атеатр "Ленком" аҿы дыкҿарҵоит ҳәа. Аԥсыжра амш макьаназ ишьақәыргылам.

2017 шықәса рзы Караченцов иԥҳәыс илҳәеит ирыԥҳаҿы ачыра рбеит ҳәа. Иҟаҵаз аҭҵаарақәа рышьҭахь ишьақәырӷәӷәан уи кьыбачымазароуп ҳәа.

2005 шықәса рзы актер Николаи Караченцов амҩатә машәыр аан ихы ааха ӷәӷәа аиуит. Уи инаркны изалымшеит инагӡаны игәабзиара ашьақәыргылара, иус ахь ихынҳәрагьы.

Урыстәыла жәлар рартист Николаи Караченцов диит жьҭаара 27, 1944 шықәса рзы. 1967 шықәса рзы Караченцов МХАТ (акурс анапхгаҩы — апрофессор Виктор Мониуков) далгеит. Убри инаркны аус иуан атеатр "Ленком" аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0