Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аҳасабеилыргаҩ илықәлан ауалафахәы зегь ргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа иақәлеит ԥхынҷкәын 12 асааҭ 9:55 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Абџьар змаз ауаа ԥхынҷкәын 12 рзы Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳасабеилыргаҩ илымырхит аусуҩцәа руалафахәы – миллионки 280 нызқьи мааҭ ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит аҳақьым хада Лали Гаргәлиаԥҳа.

"Асааҭ 9:55 рзы ахәышәтәырҭа аҭаларҭаҿы асабардақәа зҿаз, бџьарла еиқәных иҟаз ауаа аҳасабеилыргаҩ дызҭаз амашьына иақәлеит. Лара абанк аҟынтәи ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа рулафахәы аалгон, ара иҟан 11 қыҭа рҟынтәи амедицинатә пунктқәа русзуҩцәа рулафахәгьы. Ҳара заанаҵы иҳаздыруам аулафахәы анҳарҭо. Аҳасабеилыргаҩ лхаҭагьы иахьа ауалафахәы шамылхуаз заа илыздырӡомызт", — ҳәа еиҭалҳәоит аҳақьым хада.

Ақәылара ҟазҵаз ауаа бналеит. Ахәышәтәырҭа анапхгара амилициа рахь адырра ҟарҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0