Тҟәаԥс азааигәара адәыӷба амҩа ианыҵит, ааха зауз ыҟоуп

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРЖД
РЖД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адәыӷба иҭан 27-ҩык апассаџьырцәеи ҩыџьа амҩаԥгаҩцәеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 — Sputnik. Тҟәаԥс араион ахь иаҵанакуа адәыӷба станциа Навагинскаиа иазааигәахоз адәыӷба адгьылҳәазра иҟалаз иахҟьаны аҩ-вагонк рымҩа ианыҵит ҳәа аанацҳауеит РЖД иатәу Нхыҵ-Кавказтәи аихамҩа.

"Арыцҳара иахҟьаны аӡәгьы дҭамхаӡеит. Заатәи аинформациала, хҩык аахақәа роуит: абаҩԥҵәарақәа рыманы ахәышәтәырҭахь инагоуп. Иҟалаз ахҭыс адәыӷбақәа реиҭанеиааира иыԥырхагам. Аҭыԥахь инеит ашьақәыргыларатә дәыӷбақәа", — ҳәа аинформациа ҟанаҵоит Нхыҵ-Кавказтәи аихамҩа.

"Ашьыжь асааҭ 6:30 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҭагылазаашьа ҷыда рзы аминистрра аоперативтә ҟәшахьы аҭел иасны адырра ҟарҵеит Тҟәаԥс азааигәара адәыӷба ҩ-вагонк рымҩа ишаныҵыз. Зынӡа ԥшь-вагонк амоуп уи адәыӷба", — аҳәоит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу АҶА аоперативтә ҟәша адырра.

Аҭыԥахь иаразнакала инеит ааиқәырхаҩцәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0