Апроект "Южный поток" аркразы европауаа ргәаанагара

Анапаҵаҩра
"Газпром" аиҳабы Алексеи Миллер ԥхынҷкәынмзазы апроект "Южный поток" шаркхо атәы иҳәеит. Шәахәаԥш ҳинфографика аҟны ари апроект иалахәу европатәи атәылақәа Болгариа, Австриа, Сербиа ртәылауаа уи атема ишахәаԥшуа.

Агазмҩангага апроект "Южный поток" хырхарҭа хадас иамаз – европатәи ахархәацәа рахь агаз анагара амҩақәа рыԥсахра акәын. Аҵыхәтәантәи авариант ала Амшын Еиқәа еихҵәаны агазмҩангага Европеи Болгариеи рыԥшаҳәахьы икылсуан,  анаҩс Сербиаҟа идәықәҵахон, уи ашьҭахь еҩшахон. Аха ус шакәугьы, амахәҭа Венгриеи Австриеи рҟынтә иацҵахоит, егьи амахәҭа атәылақәа Венгриеи Словениеи рҟынтә Италиаҟа идәықәҵахоит. Иаар убас, Хорватиеи Босниеи Герцеговинеи ртәыла иалоу Сербиатәи Аҳәынҭқарреи рыҟны амахәҭақәа рыргылара планс ирыман.

2014 шықәсазы Европатәи акомсиссиа апроект аркра рҽазыршәахьан, Ахԥатәи аенергопакет анормақәа ирықәшәаӡом ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны. Урыстәыла иазгәарҭеит агазмҩангага ала аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәышаҳаҭрақәа бжьаҵан, урҭ аиқәышаҳаҭрақәа аенергопакет рыдыркылаанӡа ирыҵаҩын, уи адагьы иазгәаҭан иҳараку астатус шрымоу.

Ус "Газпром" аиҳабы Алексеи Миллер "Южный поток" шаркхо атәы ааицҳаит. Аха иара иажәақәа рыла, Европа абылтәы ада иаанхаӡом. "Газпром" ҭырқәтәылатәи BOTAS Амшын Еиқәа аҟынтә даҽа газмҩангага ҿыцк шыргылахо азы амеморндум рнапы аҵарҩит, шықәсык азы агаз 63 миллиард кубометр амч амазаауеит. 14 миллиард  Ҭырқәтәылазы иалхуп, иаанхаз ашәага – 50 миллиард кубометр агаз Ҭырқәтәылеи Бырзентәыла рҳәаахь ишьҭызаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0