Аԥсуа чеиџьыка агәылаԥшра

Анапаҵаҩра
Итрадициатәу аԥсуа чеиџьыка шьақәгылон аҭыԥантәи аԥсабара аҷыдарақәеи, анхамҩа амҩаԥгашьеи, аекономикатә ҭагылазаашьақәеи инарықәыршәаны.

Аԥсуа ичеиџьыка быжь-гәыжьк ирзырҵысуам рҳәоит ажәаԥҟаны. Ииашаҵәҟьаны, аԥсуаа рзы ачеиџьыка даара аҵакы дууп. Асасдкылареи иареи иузеиҟәымҭхо еидҳәалоуп. Ачеиџьыка иахатәаны аиҳабацәа ирҳәоз ажәа ҟәышқәа абиԥара ҿыцқәа рзы иааӡаган, ихьчаган.

Ажәытә иҟарҵоз аԥсуа чысқәа рҟынтә иахьанӡа имырӡкәа иааҳгаз шырацәамгьы, аԥсуа чеиџьыка ҳаамҭазы реиҳа еиқәхаз амилаҭтә культура ахәҭақәа ируакуп.

Ихадароу ԥсыуа гәыхә чысуп — абысҭа. Уи иадыркылоит еиуеиԥшым ацыфақәа: ахшлых — ашәаӡа, ашәха, ашәырҩа, ахырҵәы, нас акәац, акәтыжь, ажьҵаа уҳәа. Аџьықәреи Аԥсныҟа иқәнагалаанӡа ахархәара рыман аши ахәыӡи. Иахьа урҭ шамахамзар афатә рылырхӡом, ачашә, акәакәар, аҳампал уҳәа рыҟаҵараҿы рхы иадыхәо ашылеи ачашылеи роуп.

Аԥсуаа нахьнатә аахыс ашәыри ауҭраҭыхқәеи хкырацәала ирыман, еиуеиԥшым ачаԥақәеи, аиаҵәареи, арҵәқәеи еснагь аишәа иагхомызт. Ашьақар ҟалаанӡа ацха ахархәара ҭбаа арҭон. Саԥсыуоуп ҳәа зхы иазызҳәоз зегьы ашьхақәа рааӡон, ашьхымзақәа рыман.

Шьҭарнахыс европаагьы аԥсуа чыс агьама абара рылшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0