Анцәа ихәы, ашәыр-мра мамзаргьы ахәырма

Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым атәылақәа рҟны ахәырма - абнатә финик, аӡынтәи аца мамзаргьы китаитәи атама ҳәа иашьҭоуп.

Ахәырма алатынтә хьӡы Diospyros еиҭоугар алшоит "Анцәа ихәы" ҳәа. Еиуеиԥшым атәылақәа рҟны ари ашәыр абнатә финик, аӡынтәи аца мамзаргьы китаитәи атама ҳәа иашьҭоуп.

Иара ԥсадгьылс иамоу Китаи ауп. Уантәи инанагеит Мрагыларатәи Азиа, нас – Иапониа. Адунеи аҟны ари ашәыр еицырдыруа иҟалеит 19-тәи ашәышықәсазы, америкатәи адмиралцәа Иапониа мраҭашәара ианазаадырт ашьҭахь.

Ахәырма раԥхьаӡа акәны агьама збаз европауаа иара ахәшьара рзамҭеит, иузыфом ҳәа иазырыԥхьаӡеит. Аамҭақәак рышьҭахь ауп урҭ ианырдыр ахәырма аҵаақәа ҟалаанӡа шакәыз афара анауаз. Убасҟан ауп пиара шәит ҳәа ианыршьо.

Уҿы зырҳәахуа агьама ахәырма иалоу атанин ауп изырҿио. Ашәыр аныҟалалак иара ыӡуеит. 19-тәи ашәышықәса инаркны ахәырма ааӡара иалагеит Аахыҵ Кавказ.

Ахәырма алатынтә хьӡы Diospyros еиҭоугар алшоит "Анцәа ихәы" ҳәа. Еиуеиԥшым атәылақәа рҟны ари ашәыр абнатә финик, аӡынтәи аца мамзаргьы китаитәи атама ҳәа иашьҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0