Ацха - зегь реиҳа ихаау ахәшә

Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьхааӡара шәышықәсалатәи аҭоурых амоуп. Иҟан аамҭақәа атәыла аекономика аусхк хадақәа ианреиуаз. Иахьагьы ашьхааӡара аалыҵқәа адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аџьармыкьқәа рҟны ирҭахны иҟоуп, ахархәара ду рымоуп хәы змоу хәышәтәыгақәак реиԥш.

Ареспубликаҟны ашьхааӡара рнапы алакуп ашьхарахь еиԥш акаршәрақәа рҟынгьы. Аҭыԥантәи ашьхааӡаҩцәа ражәақәа рыла аԥсуа шьхымзаҭра ӡырызго аԥсуа шьхыц ауп. Аԥсуа шьхыц адунеи аҟны еицырдыруеит  иаанаго аалыҵ рацәеи  ашәҭ агәаҵаҟынтә амати злаҭнаго аԥыци рыла. Ашьхааӡаҩцәа ирҳәоит асеиԥш аԥыц змоу аԥсуа шьхыц заҵәык ауп ҳәа.

Атәылаҟны шамахамзар ааглыхратә зонақәа рыҟамзаара инадҳәаланы, аԥсуа цха ицқьоу екологиатә аалыҵуп. Аԥсны иуԥылоит еиуеиԥшым ацха хкқәа – ахьатә, ацитрустә, аҭәатә уҳәа егьырҭгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0