Ахада иалхрақәа: акандидатцәеи урҭ рхаҭыԥуааи

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшахеит жәабран 11 рзы. Алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 22 аҽны.

Аԥсны алхратә комиссиа хада ахадарахьы акандидатцәеи акандидатцәа рхаҭыԥуааи ашәҟәы иҭарҩит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 8 инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоуп:

Адгәыр Арӡынба, Арда Ашәба;

Аслан Бжьаниа, Бадра Гәынба;

Леонид Ӡаԥшьба, Виктор Ҳашба.

Аԥсны ахада еиҭалхра мҩаԥгахоит хәажәкыра 22 рзы. Абри азы аӡбамҭа рыдкылан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа 2019 шықәсазтәи алхрақәа раантәи Аԥсны АКХ алкаақәа иашамызт ҳәа ианазхарҵа ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0