Аԥсны адәныҟатәи ахәаахәҭра 2019 шықәсазы

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, 2019 шықәса рзы ареспублика адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара ишьақәнартәеит 25 миллиард 989 миллион мааҭ. Еиҳа ахашәала зцыз аусхкқәеи атауарқәа римпорти рекспорти рдинамикеи Sputnik аинфографикаҿ.

2019 шықәса рзы ареспублика адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара арбагақәа 2018 шықәсазтәи раасҭа 9,5% рыла еиҳахеит. Иааидкыланы 25 миллиард 989,4 миллион мааҭ артәеит. 2019 шықәса рзы аимпорт ахышәа-ҵышәа 20 миллиард мааҭ ыҟан. Уи 2018 шықәса иаҿырԥшны 29% рыла еиҳан.

Аизҳара аныԥшуеит аекспорт. 2018 шықәса рзы атәыла иалгазар 5 миллиардки 162 миллион мааҭ рыхә атауар, 2019 шықәса рзы 5 миллиардки 935,4 миллион мааҭ алган, аизҳара 13% артәеит.

Аиҳарак аекспорт мҩаԥган агроааглыхратә комплекс атауарқәа рыла – 54% зеиԥш процентла; аԥсыӡи аԥсыӡтә аалыҵи – 22%, ацитрусқәа – 6%, араса – 0,5%.

Ахәаахәҭратә баланс асальдо аҵыхәтәантәи ҩышықәса рзы еиҵан: 13 миллиарди 393,1 миллион мааҭ - 2018 шықәса рзы, 14 миллиарди 119 миллион мааҭ - 2019 шықәса рзы. Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ари зыхҟьаз аимпорт тауарқәа еиҳа аҭахра ахьрымоу ауп ҳәа иаԥхьаӡоит (ахәшәқәа, афатә аалыҵ, аргыларатә маҭәахәқәа, абылтәы).

Аԥсны рылахәаахәҭуеит 40 рҟынӡа тәыла. Ареспублика аекономикатә партниор хада Урыстәылоуп - 70% азеиԥшеикәыршараҟынтә. 2019 шықәса рзы урыстәылатәи аимпорт иартәеит 13 миллиардки 495 миллион мааҭ, аекспорт - 4 миллиардки 499 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0