Мчыбжьык ахьтә хымш: Аԥсны аџьармыкьақәа русушьа

Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра мшаԥы 20 инаркны аџьармыкьақәа раартра азин ҟарҵеит. Аџьармыкьақәа мчыбжьык аҩнуҵҟа хымш аус рулоит.

Аҟәатәи Гәдоуҭатәи аџьармыкьақәа аус руеит ахәаша, асабша, амҽыша, асааҭ 16:00 рҟынӡа. Асааҭ 16:00- 19:00 аилыргаратә усурақәа мҩаԥысуеит, асааҭ 19:00 - арзҩыдара. Гагра аџьармыкьатә мшқәа ҳәа иалхуп: аҩаша, аԥшьаша, асабша. Абарҭ амшқәа рзы аус ауеит Пицундатәи аџьармыкьагьы. Цандрыԥшьтәи аџьармыкьа аус ауеит аԥшьашеи амҽышеи. Очамчыратәи аџьармыкьа акәзар, есыҽны аус аулоит, иара убас Тҟәарчали Гали аџьармыкьақәа аус руеит ахаша, ахәаша, амҽыша.

Ахәаахәҭыҩцәа ашәарҭадара азыԥхьагәарҭалароуп – асабардақәеи анапҭырԥақәеи ныҟәыргалароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0