Уахыки-ҽнаки рыла хынтә: афымцалашара арцәара аграфик

Анапаҵаҩра
Абҵара 15, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит.

Аграфик инақәыршәаны, алашара дырцәалоит уахыки-ҽнаки рыла хынтә.

Гал араион, Тҟәарчал араион ахәҭак, Аҟәа мраҭашәаратәи ахәҭа, Аҟәа араион ахәҭак, Афон ҿыц, Гәдоуҭа араион мрагыларатәи ахәҭа рҿы алашара дырцәалоит асааҭ 01:00 - 03:00, 09:00 - 11:00, 17:00 - 19:00 рзы.  

Аҟәа агәы, Аҟәа араион ахәҭак, Гәдоуҭа араион мраҭашәаратәи ахәҭа, Гәдоуҭа, Алаҳаӡы ақыҭа алашара дырцәалоит асааҭ 03:00 - 05:00, 11:00 - 13:00, 19:00 - 21:00 рзы.  

Гагра, Гагра араион, Пицунда, Бзыԥ, Мархьаул, Тҟәарчал, Тҟәарчал араион ахәҭак рҿы алашара дырцәалоит асааҭ 05:00 - 07:00, 13:00 - 15:00, 21:00 - 23:00 рзы. 

Аҟәа мрагыларатәи ахәҭа, Аҟәа араион ахәҭак, Очамчыреи Гәылрыԥшьи рраионқәа рҿы алашара дырцәалоит асааҭ 01:00 - 03:00, 09:00 - 11:00, 15:00 - 17:00 рзы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0