Аныҳәамшқәеи аԥсшьарамшқәеи реиқәшәараан аԥсшьарамшқәа ииагахоит:
Аныҳәамшқәеи аусутә мшқәеи ирманшәаланы ахархәаразы аҩаша, ажьырныҳәа 5 ииагоуп асабша, ажьырныҳәа 16 рахь.
Амшаԥымш амҽыша, лаҵара 2 иахьақәшәо азы аҩаша, лаҵара 4 усуратә мшымкәа ишьоуп.
Аныҳәатә ԥсарамшқәа рахь иара убас иаҵанакуеит – Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш ныҳәа март 8, Аиааира ДУ амш мшаԥы 9, Симон Кантәи имш ныҳәа – мшаԥы 23, Аԥсны азхаҵара амш – нанҳәа 26, Аиааира амш –цәыббра 30 амҽыша иахьақәшәо аҟнытә, жьҭаара 1-ԥсшьарамшуп. Абҵара 26 – Аԥсны Аконституциа амш- убасгьы ԥсшьарамшуп.
Аныҳәатә, аха усуратә мшны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит: Амедицинатә усзуҩ имш, Аргылаҩцәа рымш, Асовет мчра ашьақәыргылара амш – хәажәкыра 4. Иара убас аныхәатә мшқәа рахь иаҵанакуеит – мшаԥы 14 Аԥсны аҳазалхратә усзуҩцәа рзаанаҭтә мшы, ԥхынгәы 23- Абираҟ амш, нанҳәа 15- Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымш, жьҭаара 11 – Аԥсны Арбџьармчқәа рымш, жьҭаара 30- Аҭҵаарадырра амш.
Агәалашәаратә усуратә мшқәа ҳәа иазгәаҭоуп: Кавказ аибашьра иалаӡыз – мшаԥы 21, Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз – нанҳәа 14, Аполитикатә репрессиақәа раан иҭархаз ргәаладыршәоит – жьҭаара 30, Иԥшьоу Апостол Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ — ԥхынҷкәын 13, Лаҭа иҭахаз ргәалашәара амш — ԥхынҷкәын 14 рзы.
Урыстәылатәи атәанчахәқәа ԥхынҷкәынмза 16 инакны ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа рыҭара маԥгахоит
Абанк анапхгараҭараҿы Sputnik акорреспондент ишизеиҭарҳәаз ала ԥхынҷкәынмзатәи атәанчахәқәа ршара аграфик егьырҭ амзақәа рыграфик еиԥшым. Ашәарақәа еиҳа заа имҩаԥысуеит. Ари иааиуа аныҳәамшқәа ирыдҳәалоуп.
"Ҳтәылауаа ркатегориақәа зегьы ԥхынҷкәынмзазы атәанчахәқәа рыҭахоит. Аҵыхәтәантәи акатегориақәа аԥара роуеит ԥхынҷкәын 30-31 рзы. Ари аныҳәазы ауаа аԥара ахьырҭаху азоуп. Уи адагьы ажьырныҳәамзазы жәамш иԥсшьарамшуп. Убри азы аӡбра ҳадаҳкылеит атәанчахәы ԥхынҷкәынмзазы ишәазарц", - иҳәеит Аҵәахырҭатә банк анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Георги Абыхәба.
Аҵәахырҭатә банк аҿы ауааԥсыра ргәы рҽанырҵеит алашара арцәара агәаранқәа еиҳанатәыр шалшо, аҳәара ҟарҵеит аҭагылазаашьа еилкаарыла иазнеиирц.
Аԥара ашараан аиҳарак ауаа рырацәахара ашьыжьтәи аамҭазы иҟалалоит, убри азы аҳәара ҟаҵоуп ишалшо ала амш аҩбатәи ахәҭазы инеиларц.
"Акаҭран ақәҵара аус нап аркын ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа. Аҳабла амҩаду хада быжь-километрак инареиҳаны ибжьоуп, уи акаҭран ықәҵан. Уи ашьҭахь амҩадуқәа ҩба ҟаҵан. Еиҭа амҩадуқәа аанхеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гагреи ҳареи ҳаимаздо, иара ихадоу ҳәа иԥхьӡоуп. Аԥсшьаҩцәа навигаторла ианаауагьы иднарбо уи амҩоуп. Амшқәа рԥырхагамхар, уи нап адыркраны иҟоуп. Аусурақәа угәы иаахәартә анагӡара иаҿуп. Еиҭа ҳгәы иҭоуп ацхыраара лас ахьыҟоу ахыбраҿы, уа уажәы амбулаториагьы ҳамоуп ачымазараҿкы змоу рзы, иара иаҳа инарҭбааны аҟаҵара. Алашара аҭагылазаашьа уажәазы еиҳа еиӷьхеит. Адҵа ҟалеижьҭеи афермақәа ахьаҿаҳхыз рацәоуп, амҳәыр ықәыргылан иахьыҟаҳҵаз ыҟоуп, афымцацәаҳәақәа иахьҿахҵәахаз ыҟоуп, уи иаразнак афымцамч ианубаалартә иҟалеит. Уигьы угәы иамыхәарц залшом", - иҳәеит Цыгәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.