Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аграфик есымза еиқәнаршәоит.
1940 шықәсанӡа ииз ҳтәылауаа атәанчахәы роуеит жәабран 16,17,18; 1941 - 1947 шықәсқәа рзы ииз жәабран 19,22,23 рзы; 1948 - 1950 шықәсқәа рзы ииз жәабран 25,25 рзы; 1951 - 1953 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы рыҭахоит жәабран 16-хәажәкыра 1 рзы; 1954 - 1956 шықәсқәа рзы ииз – хәажәкырамза 2, 3 рзы; 1957 шықәса рзы ииз хәажәкыра 4,5 рзы атәанчахәы роуоит.
Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.
Аныҳәамшқәеи аԥсшьарамшқәеи реиқәшәараан аԥсшьарамшқәа ииагахоит:
Аныҳәамшқәеи аусутә мшқәеи ирманшәаланы ахархәаразы аҩаша, ажьырныҳәа 5 ииагоуп асабша, ажьырныҳәа 16 рахь.
Амшаԥымш амҽыша, лаҵара 2 иахьақәшәо азы аҩаша, лаҵара 4 усуратә мшымкәа ишьоуп.
Аныҳәатә ԥсарамшқәа рахь иара убас иаҵанакуеит – Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш ныҳәа март 8, Аиааира ДУ амш мшаԥы 9, Симон Кантәи имш ныҳәа – мшаԥы 23, Аԥсны азхаҵара амш – нанҳәа 26, Аиааира амш –цәыббра 30 амҽыша иахьақәшәо аҟнытә, жьҭаара 1-ԥсшьарамшуп. Абҵара 26 – Аԥсны Аконституциа амш- убасгьы ԥсшьарамшуп.
Аныҳәатә, аха усуратә мшны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит: Амедицинатә усзуҩ имш, Аргылаҩцәа рымш, Асовет мчра ашьақәыргылара амш – хәажәкыра 4. Иара убас аныхәатә мшқәа рахь иаҵанакуеит – мшаԥы 14 Аԥсны аҳазалхратә усзуҩцәа рзаанаҭтә мшы, ԥхынгәы 23- Абираҟ амш, нанҳәа 15- Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымш, жьҭаара 11 – Аԥсны Арбџьармчқәа рымш, жьҭаара 30- Аҭҵаарадырра амш.
Агәалашәаратә усуратә мшқәа ҳәа иазгәаҭоуп: Кавказ аибашьра иалаӡыз – мшаԥы 21, Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз – нанҳәа 14, Аполитикатә репрессиақәа раан иҭархаз ргәаладыршәоит – жьҭаара 30, Иԥшьоу Апостол Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ — ԥхынҷкәын 13, Лаҭа иҭахаз ргәалашәара амш — ԥхынҷкәын 14 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Шә-тоннак рҟынӡа амимоза Аԥснынтә Урыстәылаҟа иаларгалахьеит жәабранмза иалагӡаны ҳәа аанацҳауеит "Вести-Сочи".
Иааиуа амшқәа рзы иазԥхьагәаҭоуп даҽа шә-тоннак аекспорт. Анаплакыҩцәа 200 тонна рекспорт азы адокументқәа азырхианы инарышьҭхьеит.
Аиҳарак ашәҭ аҭира хәажәкырамза иақәшәоит. Урыстәылаҟа коммерциатә хықәкала ашәҭ алагалараан ашәҟәы иҭагалатәуп. Закәаншьаҭада аиагараан ахараԥса ддыршәоит. 15 ҿаҳәара еиҳаны аҳәаа иахызго ртауар ашәҟәы иҭаргалароуп.
Амимоза аҳәаа ахыгаразы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟынтә асертификати афито-санитартә хылаԥшра асертификати аҭахуп.
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа административтә зинеилагара ҳәа жәаа-уск хацдыркхьеит, иаԥырҟәҟәаан тоннаки бжаки аҟынӡа амимоза закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амимозаз аҵарҭышагара зҭахыз аинспекторцәа рганахьала ашьаус хацыркуп