Акинофестиваль «Кунаки» мҩаԥысуеит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАкинофестиваль "Кунаки" аартра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
Акинофестиваль Кунаки аартра. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы иаатит Нхыҵ-Кавказ адокументалтә фильмқәеи автортә телехәаԥшратә программақәеи иаарту VIII-тәи рфестиваль.

АҞӘА, абҵ 3 – Спутник Аԥсны. Акинофестиваль аартуа Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа Аԥсны Ахада аконкурс алахәцәа рахь иҟаиҵаз ааԥхьаратә ажәа даԥхьеит. Рауль Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу афестивальқәа аҵак ду шрымоу адоуҳатә акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рзы.

Акинофестиваль «Кунаки» амҩаԥгара есышықәса иазыркуеит Кавказ ажәларқәа рҭоурых аҿы аҵак ду змоу хҭыск. Сынтәа уи азкуп актәи Адунеитә еибашьра алагара 100 шықәса аҵреи, уаҟа Кавказ ажәларқәа фырхаҵарала рхы шаадырԥшызи.

Аконкурстә программа иалахәуп 32 усумҭа, урҭ ажиури иалнахит 143 кинофильм рҟынтә.

 

Акинофестиваль мҩаԥгахоит хә-номинациак рыла: «Аҭаацәеи ауаажәлари», «Акультуреи аҟазареи», «Агәыӷреи агәрагареи», «Иҟази иҟалашеи», «Аиҩызареи аигәылареи».

Акинофестиваль «Кунаки» аартра ацҵан аконкурс иалахәым Мадина Аргәын лфильм «Акәымжәыуаа» арбара ала.
Анаҩс имҩаԥысит аконкурстә программа алахәцәа рфильмқәа дырбара: «Шәааи, ҳаишьцәазаауеит!» (39 мин.), арежиссиор Ирина Бережнаиа; «Сара с-Гамлет» (76 мин.), арежиссиор Владимир Левин; «Мусҭафа» (9 мин.), арежиссиор Александра Маркова; «Пантелеимон. Цитодель» (44 мин.), арежиссиор Александр Куприн.

Акинофестиваль «Кунаки» есышықәса аҽарҭбаауеит, ҵыԥх афестиваль алахәразы 123 шәҟәы нашьҭызтгьы, сынтәа 143 ыҟоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Москва, Аҟәа, Минск, Баку, Ереван, Екатеринбург уҳәа ақалақьқәа рҟынтә.
Аконкурс иалахәуп Амра Наҷҟьебиа лдокументалтә фильм «Абер».  Ари афестиваль аԥсуа режиссер қәыԥш лзы раԥхьатәи ԥышәам. Адокументалтә фильм «Абер» аԥхьахә агахьеит 2012 шықәсазы «Аҿар раԥхьатәи ркинофестиваль» аҿы. Амра Наҷҟьебиа аҵара лҵоит ВГИК арежиссерцәа ркурс аҿы.
«Сара сзы даара акраҵанакуеит, афильм арбара ашьҭахь, аӡәы идымхаргьы, аҵакы еилыскааит, схазы иҷыдоу ак сыԥшааит ҳәа сеиҳәар», – азгәалҭеит Амра Наҷҟьебиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Саид Багов акинофестиваль "Кунаки" аартраан. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
1/3
Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Саид Багов акинофестиваль "Кунаки" аартраан. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны авице-президент Витали Габниа акинофестиваль "Кунаки" аартраан. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
2/3
Аԥсны авице-президент Витали Габниа акинофестиваль "Кунаки" аартраан. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкинофестиваль "Кунаки" аартраа. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
3/3
Акинофестиваль "Кунаки" аартраа. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
1/3
Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Саид Багов акинофестиваль "Кунаки" аартраан. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
2/3
Аԥсны авице-президент Витали Габниа акинофестиваль "Кунаки" аартраан. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.
3/3
Акинофестиваль "Кунаки" аартраа. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә.

 

Акинофестиваль «Кунаки» ажиури иалахәуп арежиссиортә ҟазараҿы зыхьӡ еицырдыруа ауаа: Евгени Голынкин – Урыстәыла акиномотографцәа Реидгыла алахәыла, ажиури ахантәаҩы; Григори Гиберт – Урыстәыла зҽаԥсазтәыз акультура аусзуаҩ; Мураҭ Џьусев – акинодраматург, акнорежиссиор; Сергеи Куракин – арежиссир ақәыргылаҩ; Наталиа Гугуева – Урыстәыла «Актәи аканал» адокументалтә кино адирекциа арежиссер хада; Виачеслав Аблоҭиа – акинорежиссиор, Урыстәыла акинематографцәа Реидгыла алахәыла.

 

 

Акинофестиваль «Кунаки» Урыстәылеи уи акәша-мыкәша иҟоу атәылақәеи ррежиссерцәеи ртележурналистцәеи еидызкыло рҿиаратә форумуп.

«Ари афорум аҭагылазаашьа ҟанаҵоит арҿиаратә гәҭакқәа реимдара, досу иҭихуа акино егьырҭ адырбара. Арҿиаратә еимадарақәа рышьақәыргылара адагьы, ари акинофестиваль алшара бзиа аԥнаҵоит акинодокументалистика ашьҭыхра», – иҳәеит уи адиректор Илиас Богатырев.
Акинофестиваль арҿиара шхымԥадатәи усу азгәаҭо, Богатырев дазааҭгылеит ҳаԥхьаҟа ргәы ишҭоу ахәмарратә кино алагаларала аконкурстә программа арҭбаара. Уи арежиссиор ҿарацәа алшара рнаҭоит русумҭақәа ахәаԥшыҩ иахь анагара.

Акинофестиваль «Кунаки» президентс дамоуп акультураҭҵааҩ Кусова-Чухо Сулиета Аслан-иԥҳа. Афестиваль ахьӡ  далацәажәо илҳәеит Кавказ аҵасқәа рҟынтәи ишаауа, уи ҵакыс ишамоу ажәларқәа рҳаҭыреиқәҵареи реихаҵгылареи.

Акинофестиваль «Кунаки» аԥҵан 2007 шықәсазы, Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла изаамҭанытәиу реизара аҿы. Раԥхьатәи фы-шықәса уи мҩаԥысуан Шәача ақалақь аҟны, ҵыԥх – Ҟарачы-Черқьесск, сынтәа – Аԥсны ааԥхьарала афестиваль Аҟәа имҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0