Беслан Быҭәба Крым усуратә визитла даҭааит

© Sputnik / Николай Соколов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАӡы зҭоу аԥаҭлыкақәа. Архивтә фото.
Аӡы зҭоу аԥаҭлыкақәа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахадара Крым аиҳабыра ирыдыргалеит Крым азауади Керчтәи аӡыбжьысырҭаҿ ацҳа рыргылара.

АҞӘА, абҵ 10 – Спутник Аԥсны. Аԥсны аԥыза-министр Беслан Быҭәба Крым даҭааит. Уи иҳәеит Крым азауади Керчтәи аӡыбжьысырҭаҿ ацҳа аргылареи рҿы ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу.

"Иахьа Аԥсны иахьаҵанакуа аӡы рацәаны иҟоуп. Ҳара иаҳҭахуп Урыстәыла атерриториаҿы аӡыҭаҭәарҭа азауад аартра. Ҳгәы иаанагоит ас еиԥш иҟоу азауад Крым иргылатәуп ҳәа. Шәра шәахь аӡы ааҳгалоит, шәара аԥаҭлыкақәа ирҭаҭәаны адунеиаҿы аҭира алшара шәоуеит", — иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Беслан Быҭәба Крым Ахада Сергеи Аксенови иареи Симферополь реиқәшәараан. 

Быҭәба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу аусеицура есышықәса Крым абиуџьет ԥшь-миллиардк шацнаҵало, насгьы ф-миллиардк ахашәала шыҟанаҵо. Аԥыза-министр иажәақәа рыла азауад аргылараз ҩба-хԥа шықәса аҭаххоит, насгьы жәа-милиардк аԥара.

Иара убас, Быҭәба Крым Ахада ацхыраара идигалеит Керчтәи аӡыбжьысырҭаҿ ацҳа аргылара бӷанҷла аиқәыршәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0